00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
18:35
6 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
21:35
6 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нугзар Логәуа хаҭалатәи ицәыргақәҵа "Амифи аҵабырги" аартуп Москва

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааХудожник Нугзар Логуа
Художник Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2026
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа аартуп жьҭаара 30 рҟынӡа.
АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik. Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа хаҭалатәи ицәыргақәҵа "Амифи аҵабырги" аартуп Москва, Урыстәылатәи асахьаҭыхратә академиаҿы жьҭаара 18 рҟынӡа.

Аусумҭақәа Аԥсны аиԥш аҳәаанырцәгьы ицәырган, аха Урыстәыла ацәыргақәҵа раԥхьаӡа акәны еиҿкаауп ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит асахьаҭыхыҩ.

Иара иазгәеиҭеит Москва асахьақәа рцәыргара агәҭакы шцәырҵыз ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Аԥсны Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы аиубилеитә цәыргақәҵа анымҩаԥырга ашьҭахь. Аидеиа иадгылеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи ареспублика Акультура аминистрреи.

Логәуа еиҭеиҳәеит асахьақәа аҭааҩцәа аинтерес шрызцәырыргаз, ацәыргақәҵа анаадырт ашьҭахь сааҭқәак арҿиаратә еицәажәарақәа шымҩаԥысуаз.

Аусмҩаԥгатә иаҭааит Урыстәылатәи асахьаҭыхратә академиеи егьырҭ арҿиаратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа, Суриков ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә институт арҵаҩцәа.

Зынӡа аекспозициа иалалеит 30 усумҭа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Ахәылԥаз. Амираж", "Аҽыкәабаҩ амра аҭашәара аламҭалаз"," Еилабгаз Антика", " Анана-Гәында. Ачашәреи ашьхааӡареи рынцәахәы", иара убас Логәуа иҭыхымҭақәа рмотивқәа рыла иаԥҵоу Илона Занҭариа лкостиумқәа ԥшьба.

Жьҭаара 18 рышьҭахь аекспозициа Росстат ахь ииасуеит — афранцыз архитектор, амодернист Ле Карбиузие иргылаз Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистика Афедералтә маҵзура зыҩноу ахыбрахь. Уаҟа ацәыргақәҵа аартуп жьҭаара 30 рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0