Жәларбжьаратәи апрактикатә семинар "Аинклиузивтә ҵара. Аиҭарҿиара" мҩаԥысит Аҟәа
18:16 12.10.2026 (ирҿыцуп: 18:33 12.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik. Жәларбжьаратәи апрактикатә семинар "Аинклиузивтә ҵара. Аиҭарҿиара" мҩаԥысит Аҟәа.
Уи рхы аладырхәит Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи алогопедцәа, адефектологцәа, егьырҭ апрофильтә специалистцәа ҳәа аанацҳуеит аресурс "Говорит Абхазия".
Алахәылацәа арҽеиратә педагогика ҳаамҭазтәи аметодқәа ирылацәажәеит, иҿыцу аметодикатә цхыраагӡақәа ӡырыргеит, згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа аус рыдуларазы ирымоу аԥышәа еиҭарҳәеит.

"Хара имгакәа ҳара ҳзы еиҳа актуалра злоу азҵаарақәа рҿы еицырзеиԥшу апрограммақәа жәпакы рымҩаԥгара азԥхьагәатоуп", — ҳәа лҳәеит алогопед-дефектолог Фатима Чаава.
Аспециалистцәа рыбжьара апрофессионалтә еиҭныԥсахлара мҩаԥысуеит шықәсык ахь ҩынтә Аԥсны еиԥш Урыстәылагьы.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аԥсны алогопедцәа-адефектологцәа Рассоциациа, Аҵара аминистрра ацхыраарала.