Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа иҭадырхеит Москва иажәлаз украинатәи адронқәа 65
09:08 13.10.2026 (ирҿыцуп: 13:20 13.10.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа иҭадырхеит Москва иажәлаз украинатәи адронқәа 65.
Зынӡа аҳҭнықалақь ахь иԥыруан адронқәа 417, урҭ реиҳарак аҳәааҿы иҭадырхеит, абри атәы иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Сергеи Собианин.

Аоператив-атактикатә авиациала, ажәыларатә дронқәа рыла, аракетатә мчқәеи, артиллериалеи Урыстәыла аԥхасҭа рыҭоуп аенергетикатәи абаӷәазатәи аинфраструктурақәа, аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа, хараԥырратә дронқәа реизгарҭақәа, украинатәи арбџьармчқәеи аҳәаанырцәтәи ақьырауаҩцәа рзы аамҭалатәи аҭыԥқәа 146 раион рҿы.
Аҳауахьчаратә хархәагала иҭархоуп имҩақәҵагоу артҟәацгақәа быжьба, аҳаиртә хкқәа иреиуоу 465 дрони.
Иааизакны, АОҶ иалагеижьҭеи иҭархоуп: 673 ҳаирплан, 284 верталиот, 189 940 адронқәа, 667 азенит ракетатә комплексқәа, 30 315 атанкқәеи егьырҭ аибашьыгатә машьынақәеи, 1 766 РСЗО аибашьыгатә машьынақәеи, 35 918 аибашьыгатә аминаршәгатәи адәнытә артиллериеи, , 67 496 ак иҷыдоу аибашьыгатә амашьынатә техника.