Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхоит
10:28 13.10.2026 (ирҿыцуп: 13:19 13.10.2026)

© Sputnik / Нина Зотина
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа жәаба Аҟәа имҩаԥысуа V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи арҵаратә цәыргақәҵа иалахәхоит иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.
"Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аекономика иреиҳаӡоу ашкол Амилаҭтә ҭҵааратә университет, Москватәи аенергетикатә институт реиԥш иҟоу иреиҳау аҵараиурҭақәа. Арҭ адунеи зегьы аҿы зоушьҭымҭацәа, зҟазауаа рҭаху иӷәӷәоу усбарҭақәоуп", — азгәеиҭеит иара.
Банников агәыӷра ааирԥшит ареспублика ауааԥсыра урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирырҭо аҵара ахырхарҭақәа ирызҿлымҳахап ҳәа.
V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны жьҭаара 14-16 рзы.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ —Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥш ВКонтакте.