Гәынба иҳәеит апроект "Аԥсны Амедиа ҿыцқәа" ареспублика азы анагӡара аҵак ду шамоу
12:04 13.10.2026 (ирҿыцуп: 13:16 13.10.2026)

© Video screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik. Аԥсны амедиа ҿыцқәа рыҿиара, зхаҭабзиара ҳараку аконтент аԥҵара зылшо ажурналистцәа ҿарацәеи аблогерцәеи рыдгылара ҳара ҳзы аԥыжәара амоуп иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба, иаарту аҽазыҟаҵарақәа #ПроНовыеМедиа аҟны данықәгылоз.
"Ҳара апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон ааҳартуеит. Ҳтәыла, уи акультура, ауаа, аихьӡарақәа ртәы зҳәо апроектқәа аԥҵахап ҳәа агәаанагара ҳамоуп", — иҳәеит иара.
Иаарту аҽазыҟаҵарақәа #ПроНовыеМедиа аатит урыстәылатәи ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҿы. Иара еизнагеит ажурналистцәа, аблогерцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, амедиа аусзуҩцәа. Алахәылацәа ирзеиҭарҳәоит актәи асезон алҵшәақәеи уи аушьҭымҭацәа рыпроектқәеи ртәы.
Аусмҩаԥгатә Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа ацхыраарала имҩаԥгахоит. Аиҿкааҩцәа — "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа", аплатформа "Урыстәыла —алшарақәа ртәыла", АНО "Диалог регионы", аҟазарҭа "Сенеж".