Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон аофициалла ихацыркуп
12:33 13.10.2026 (ирҿыцуп: 13:12 13.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхаицук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik. Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон аофициалла ихацыркуп.
Уи хықәкыс иамоуп Аԥсны атәы зҳәо, амедиаҵакыра шьақәзыргыло, ареспубликеи уи амилаҭтә хаҿреи ирызку аинформациа уи анҭыҵ иазырбо амедиапроектқәа рпул аԥҵара.
"Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец лажәақәа рыла, азыҳәақәа нарышьҭыр рылшоит ажурналистцәа, асценаристцәа, арежиссиорцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа.
Анапхгаратә ҟазарҭа "Сенеж" амедиашьақәыргыларазы аректор ихаҭыԥуаҩ Михаил Канавцев иҳәеит актәи асезон азы алԥшаараан ҭыԥк аҿы 10-ҩык шыҟаз.
Аҩбатәи асезон алахәылацәа еиҳа иӷәӷәоу рыпроектқәа агранттә цхыраара роуеит.
Азыҳәақәа рыдыркылоит абҵара 30 рҟынӡа.
Ԥхынҷкәын 1-15 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аицлабыҩцәа онлаин-интервиу.
Алԥшаара иахысуа 60-ҩык алахәылацәа рзы латәаралатәи амодульқәа мҩаԥгахоит 2027 шықәса ажьырныҳәеи мшаԥи амзақәа рзы.
Аҟазацәа: Ернест Мацкиавичиус, Андреи Писарев, Кристина Потупчик.