Адомино азы Адунеи ачемпионат Аԥсны амҩаԥгара адгылара анаҭеит АдәА рминистрра
15:03 13.10.2026 (ирҿыцуп: 16:35 13.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik. Адомино азы Жәларбжьаратәи афедерациа 2027 шықәсазы Аԥсны Адунеи ачемпионат амҩаԥгаразы иаднакылаз аӡбамҭа шьахәуп ҳәа ахнаҳәаауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
"Жәларбжьаратәи аспорттә усмҩаԥгатәқәа агуманитартә еинырра, ажәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәара, жәларбжьаратәи аусеицура аҿиара рзы акрызҵазкуа маруганы иҟоуп", — аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит Аԥсны иаарту, аполитика зҵам жәларбжьаратәи аспорттә усеицура ишадгыло, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа Аԥсны аҵакыраҿы имҩаԥырго аспорттә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы ишаарту.
Аминистрра апозициа – аспорт аполитикатә кониунктура анҭыҵ иаанхароуп.
"Қырҭтәыла изныкымкәа аҽазышәарақәа мҩаԥнагахьеит аԥснытәи аспортсменцәа жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара аполитикахь аиагара. Ас еиԥш азнеишьақәа жәларбжьаратәи аспорттә усеицура адоуҳаи агуманитартә еинырра апринципқәеи ирҿагылоит ҳәа иҳаԥхьаӡоит", — аҩуеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Адомино азы Адунеи ачемпионат 2027 шықәсазы ареспубликаҿы амҩаԥгаразы аӡбамҭа еицҿакны ирыдыркылеит адомино Жәларбжьаратәи афедерациа ассамблеиа хадаҿы, жьҭаара 8 2026 шықәсазы.
2026 шықәсазы Испаниа имҩаԥысуаз адомино азы адунеи Ачемпионат аицлабрақәа рлахәылацәа Аԥсны иазку авидеонҵамҭа ддырбеит, Испаниа Аԥсны адомино Афедерациа адомино Жәларбжьаратәи афедерациа абираҟ рынаҭеит анаҩстәи Ачемпионат здызкыло ганк аҳасабала.