Геннади Кожухар жәларбжьаратәи аԥхьахә "Евразиа" афинал ахь днеит
17:01 13.10.2026 (ирҿыцуп: 20:13 13.10.2026)

© Foto / Национальный центр "Россия"
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik. Аԥснынтәи Геннади Кожухар азеиԥш аԥхьахәтә фонд 17 млн мааҭ ыҟоу жәларбжьаратәи аԥхьахә "Евразиа" афинал ахь днеит ҳәа аанацҳауеит "Евразиа"апресс-маҵзура.
Иара далахәын Жәларбжьаратәи акультура абызшәа афестиваль "Аҭынчра Апроспект", аноминациа "Язык Мира" , Аԥсны аҿар реидгыла аурыс бызшәеи акультуреи аҟазарала рӡыргара иазырхоу апроект далахәны.
29 тәыла рҟынтәи апроектқәа равторцәа раԥшьгарақәа ӡырыргоит акультура, аҵарадырра, жәларбжьаратәи аусеицура, аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара, аурыс бызшәа аҿиара, асоциалтә цхыраара русхкқәа рҿы.
Сынтәа аԥхьахә алахәхаразы 73 тәыла рҟынтәи 5512 зыҳәа ааит, урҭ ирыхәаԥшит 15 ҳәынҭқарра рҟынтәи 165-ҩык аспециалистцәа.
Афиналистцәа рыпроектқәа Москва жәларбжьаратәи ажиури рыдгалара адагьы аҵаратә программақәа, ахшыҩзцаратә еиԥыларақәа, аҟазарҭақәа, астол гьежьқәа ирылахәуп.
Аҳамҭақәа ранашьахоит жьҭаара 15 рзы Москва иҟоу Амилаҭтә центр "Россия" аҿы.
Афиналистцәа рзы абжьыҭира алшоит асаит https://vote.premiyaevrazia.su/ аҿы жьҭаарамза 14 асааҭ 18:00 рҟынӡа.