Арбџьармчқәа рҽазыҟаҵарақәа рзы архәҭақәа реиҳабацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥган
18:34 13.10.2026 (ирҿыцуп: 20:08 13.10.2026)

© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik. Аԥснытәи Арбџьармчқәа рҿы имҩаԥысуа зымҽхак ҭбаау аҽазыҟаҵарақәа рзы архәҭақәа реиҳабацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит атәыла ахада Бадра Гәынба.
"Аҽазыҟаҵарақәа рыгәҭакы анагӡара, ар ргәыԥқәа рнапхгара аиҿкаара, архәҭақәа рхымҩаԥгашьа рҳәаақәҵара уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан Аԥсни Урыстәылеи Рырбџьармчқәа реинырра аус адулара.
Аҳәынҭқарра ахада ар ргәыԥқәа рыдҵаҟаҵаҩцәа рҿаԥхьа аҽазыҟаҵарақәа рхықәкқәа рыла иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа реиқәыршәареи рынагӡареи рзы адҵа ҟаиҵеит.
Аԥсны Арбџьармчқәа рҟны имҩаԥысуеит зымҽхакҭбаау аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит жьҭаара 12-16 рзы.