Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит Аԥсны
20:24 13.10.2026 (ирҿыцуп: 21:15 13.10.2026)

© Sputnik / Владимир Астапкович
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит Аԥсны жьҭаара 16-18 рзы.
Аусмҩаԥгатә аԥышәа аимдара, азанааҭтә дыррақәа рыҿиара, акультурабжьаратә еинырра арӷәӷәара иазырхоуп.
Алахәылацәа ирзыԥшуп атематикатә сессиақәа, аӡыргарақәа, аусхкытә екскурсиақәа. Дара аиҿкаарақәа русура еилыркаауеит, ақәҿиара змоу апрактикақәа ҭырҵаауеит, аусеицура алшарақәа ирылацәажәоит.
Афорум актәи аетап мҩаԥысит лаҵара 4-9 рзы Нальчик. Уаҟа еизеит 300-ҩык аҿар, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 150-ҩык аԥснытәи ахаҭарнакцәа.
Аиҿкааҩцәа — Ҟабарда-Балкариа аиҳабыра, Росмолодежь, Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы, Урыстәылеи Аԥсни АДәА рминистрра ацхыраарала.