https://sputnik-abkhazia.info/20261014/1066330726.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә Университети аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада... 14.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-14T13:01+0300
2026-10-14T13:01+0300
2026-10-14T13:51+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/0e/1066330560_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_3bc475763404e200551a3f221bff937f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә Университети аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит аҩ-ганкгьы аусеицура азҿлымҳара шрымоу. Иара иажәақәа рыла, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә Университет аус ацура Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаареи Урыстәылеи реимадара арҵаулоит.Аганқәа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, хра злоу аусеицура шымҩаԥгахо азы агәрагара аадырԥшит.
V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьара-рҵаратә цәыргақәҵа хацыркхеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы. Уи иалахәуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа 10 рхаҭарнакцәа."Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп аҵаратә системақәеи, академиатә традициақәеи, аҿар ргәазыҳәарақәеи еидызкыло ари акрызҵазкуа аплошьадка аиҿкааҩыс аҟазаара", ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирылшоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз аҭагылазаашьақәа рдырра, арҵаратә программақәа реилкаара, аинтерес змоу азҵаарақәа рыҭира. Жьҭаара 14-16 рзы иазыԥхьагәаҭоуп аӡыргарақәа, аҟазара-классқәа, аинтерактивтә усмҩаԥгатәқәа, аквизқәа.Аиҿкааҩ-Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра.
Иаарту аӡаҿы аӡсаразы Жәларбжьаратәи аспорттә фестиваль мҩаԥгахоит жьҭаара 17 рзы Аҟәа, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.Аусмҩаԥгатә Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 33 шықәса ахыҵра иазкуп.Аспортсменцәа 50, 200, 1000 метра иҟоу адистанциақәа ирхысраны иҟоуп. Аицлабрақәа рылагара асааҭ 10:00 рзы иазыԥҵәоуп.Аҭаҩра мҩаԥысуеит азхьарԥш ала.
Акәа араион аҿы аус зуа ашколқәа жәба рҟны ашколхәыҷқәа ахәыԥха рҿаҵаразы алшара ыҟаӡам, абуфетқәа ахьыҟоу х-школк рҟны ауп. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа араион аҵараҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа."Сынтәатәи ашықәс азы афатә ԥха еиҿаҳкаартә еиԥш ашколқәа рҟны аҭагылазаашьа ҳамаӡам. Егьа ус акәзаргьы, амажәалыхи ашәырӡи рыла еиқәҳаршәартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥаҳҵеит", — лҳәеит лара.Аҟәа араион иаҵанакуа ашколқәа ирҭоуп 155-ҩык аҵаҩцәа, иара убас азыҟаҵаратә классқәа рҟны итәоуп 20-ҩык ахәыҷқәа.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 902 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Владимиртәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Новгородтәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Твертәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Москватәи арегион, Краснодартәии Ставропольтәии атәылаҿацәқәа, Ҟрым, Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿы.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә Университети аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит аҩ-ганкгьы аусеицура азҿлымҳара шрымоу. Иара иажәақәа рыла, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә Университет аус ацура Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаареи Урыстәылеи реимадара арҵаулоит.Аганқәа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, хра злоу аусеицура шымҩаԥгахо азы агәрагара аадырԥшит.V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьара-рҵаратә цәыргақәҵа хацыркхеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы. Уи иалахәуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа 10 рхаҭарнакцәа."Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп аҵаратә системақәеи, академиатә традициақәеи, аҿар ргәазыҳәарақәеи еидызкыло ари акрызҵазкуа аплошьадка аиҿкааҩыс аҟазаара", ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирылшоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз аҭагылазаашьақәа рдырра, арҵаратә программақәа реилкаара, аинтерес змоу азҵаарақәа рыҭира. Жьҭаара 14-16 рзы иазыԥхьагәаҭоуп аӡыргарақәа, аҟазара-классқәа, аинтерактивтә усмҩаԥгатәқәа, аквизқәа.Аиҿкааҩ-Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра.Иаарту аӡаҿы аӡсаразы Жәларбжьаратәи аспорттә фестиваль мҩаԥгахоит жьҭаара 17 рзы Аҟәа, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.Аусмҩаԥгатә Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 33 шықәса ахыҵра иазкуп.Аспортсменцәа 50, 200, 1000 метра иҟоу адистанциақәа ирхысраны иҟоуп. Аицлабрақәа рылагара асааҭ 10:00 рзы иазыԥҵәоуп.Аҭаҩра мҩаԥысуеит азхьарԥш ала.Акәа араион аҿы аус зуа ашколқәа жәба рҟны ашколхәыҷқәа ахәыԥха рҿаҵаразы алшара ыҟаӡам, абуфетқәа ахьыҟоу х-школк рҟны ауп. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа араион аҵараҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа."Сынтәатәи ашықәс азы афатә ԥха еиҿаҳкаартә еиԥш ашколқәа рҟны аҭагылазаашьа ҳамаӡам. Егьа ус акәзаргьы, амажәалыхи ашәырӡи рыла еиқәҳаршәартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥаҳҵеит", — лҳәеит лара.Аҟәа араион иаҵанакуа ашколқәа ирҭоуп 155-ҩык аҵаҩцәа, иара убас азыҟаҵаратә классқәа рҟны итәоуп 20-ҩык ахәыҷқәа.Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 902 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Владимиртәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Новгородтәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Твертәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Москватәи арегион, Краснодартәии Ставропольтәии атәылаҿацәқәа, Ҟрым, Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/0e/1066330560_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_9b35316226f68f75a3ef1f3d48a26595.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио