https://sputnik-abkhazia.info/20261014/1066341460.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аенергетика аминистрра аделегациа Москва имҩаԥысуа Урыстәылатәи аенергетикатә мчыбжьы иалахәуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Аенергетика аминистр Баҭал... 14.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-14T18:01+0300
2026-10-14T18:01+0300
2026-10-14T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/0e/1066341294_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7e23bc75237d07ed02b2cd276b1dba95.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аенергетика аминистрра аделегациа Москва имҩаԥысуа Урыстәылатәи аенергетикатә мчыбжьы иалахәуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Аенергетика аминистр Баҭал Мушбеи, "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи Урыстәыла Аенергетика аминистрра ахаҭарнакцәеи реиԥылара азгәаҭоуп. Аганқәа аусеицура аҿиареи аенергетикатә усхк аҟны аинырреи ирылацәажәараны иҟоуп.IX Жәларбжьаратәи афорум "Урыстәылатәи аенергетикатә мчыбжьы " мҩаԥысуеит Москва, жьҭаара 14-16 ҟынӡа.Уи иалахәуп шә-тәылак рҟынтәи 7 нызқьҩык рҟынӡа аделегатцәа.
Азанааҭ алхра шьаҭанкыла иазнеитәуп — иахьа аиҭакрақәеи аҿыцрақәеи анырацәоу аамҭазы ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи ацәыргақәҵа аартраан. "Убри аан иаҳхаҳмыршҭлароуп азанааҭ алхра гәык-ԥсыкала ишазнеитәу. Уи ахаангьы ишәхашәмыршҭлан. Акыр иаԥсоу ашколхәыҷқәа, аушьҭымҭацәа, абитуриентцәа, ԥхьаҟатәи астудентцәа, еснагь ишәхашәмыршҭлан ишәырҳаз адыррақәа шәтәылаҿы ахархәара шрыҭатәу", — азгәалҭеит лара. Гәынԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, иагьазгәалҭеит зхаҭабзиара ҳараку аҵарадырра аиуразы ареспублика ауааԥсыра рылшарақәа рырҭбаараҿы уи иааннакыло аҭыԥ.
Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи ацәыргақәҵа Урыстәыла аҵараҵара зҭаху Аԥсны атәылауаа ҿарацәа рзы — акрызҵазкуа информациатә хыҵхырҭаны иҟалеит иҳәеит ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов.Оренбургтәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аректор Игор Мирошниченко иазгәеиҭеит, иреиҳау аҵараиурҭа аҳәаанырцәтәи астудентцәа разыҟаҵаразы аԥышәа ду шамоу, Аԥсны азы амедицинатә специалистцәа разыҟаҵара ишазыхиоу.Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа жәаба рҭаларазы алшарақәа рзы аинформациа. Жьҭаара 14-16 рзы уи еилыркаар рылшоит абитуриентцәеи урҭ рҭаацәеи. Иара убасгьы ирылшоит ауниверситетқәа рхаҭарнакцәа рыҿцәажәара, изызҿлымҳау азҵаарақәа рыҭира.
Аимҳәазы алаҵа апартиа Аԥсныҟа иаагоуп лҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева, арадио Sputnik аҟны."Алаҵа араионтә хәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы иҟоуп. Убри азы иҟоуп алшара жьҭаарамза анҵәамҭеи абҵарамза алагамҭеи рҟынӡа алаҵа аҟаҵараз", — азгәалҭеит лара.Лара лажәақәа рыла, алаҵа аилазаара есышықәса аҽаԥсахуеит иааиуа асезон азы иҟалар зылшо аимҳәа аштаммқәа рзы аҵарауаа разԥхьагәаҭарақәа инарықәыршәаны.
Очамчыра ахәҭак уаҵәы, жьҭаара 15 рзы сааҭк лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Алашара ырцәахоит асааҭ 12:00 инаркны 13:00 рҟынӡа афымцеихшарҭа маҷ "Очамчыра-2" аҿы имҩаԥгахо аремонттә усурақәа ирыхҟьаны.
Аԥсны Аенергетика аминистрра аделегациа Москва имҩаԥысуа Урыстәылатәи аенергетикатә мчыбжьы иалахәуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Аенергетика аминистр Баҭал Мушбеи, "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи Урыстәыла Аенергетика аминистрра ахаҭарнакцәеи реиԥылара азгәаҭоуп. Аганқәа аусеицура аҿиареи аенергетикатә усхк аҟны аинырреи ирылацәажәараны иҟоуп.IX Жәларбжьаратәи афорум "Урыстәылатәи аенергетикатә мчыбжьы " мҩаԥысуеит Москва, жьҭаара 14-16 ҟынӡа.Уи иалахәуп шә-тәылак рҟынтәи 7 нызқьҩык рҟынӡа аделегатцәа.Азанааҭ алхра шьаҭанкыла иазнеитәуп — иахьа аиҭакрақәеи аҿыцрақәеи анырацәоу аамҭазы ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи ацәыргақәҵа аартраан. "Убри аан иаҳхаҳмыршҭлароуп азанааҭ алхра гәык-ԥсыкала ишазнеитәу. Уи ахаангьы ишәхашәмыршҭлан. Акыр иаԥсоу ашколхәыҷқәа, аушьҭымҭацәа, абитуриентцәа, ԥхьаҟатәи астудентцәа, еснагь ишәхашәмыршҭлан ишәырҳаз адыррақәа шәтәылаҿы ахархәара шрыҭатәу", — азгәалҭеит лара. Гәынԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, иагьазгәалҭеит зхаҭабзиара ҳараку аҵарадырра аиуразы ареспублика ауааԥсыра рылшарақәа рырҭбаараҿы уи иааннакыло аҭыԥ. Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи ацәыргақәҵа Урыстәыла аҵараҵара зҭаху Аԥсны атәылауаа ҿарацәа рзы — акрызҵазкуа информациатә хыҵхырҭаны иҟалеит иҳәеит ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов.Оренбургтәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аректор Игор Мирошниченко иазгәеиҭеит, иреиҳау аҵараиурҭа аҳәаанырцәтәи астудентцәа разыҟаҵаразы аԥышәа ду шамоу, Аԥсны азы амедицинатә специалистцәа разыҟаҵара ишазыхиоу.Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа жәаба рҭаларазы алшарақәа рзы аинформациа. Жьҭаара 14-16 рзы уи еилыркаар рылшоит абитуриентцәеи урҭ рҭаацәеи. Иара убасгьы ирылшоит ауниверситетқәа рхаҭарнакцәа рыҿцәажәара, изызҿлымҳау азҵаарақәа рыҭира.Аимҳәазы алаҵа апартиа Аԥсныҟа иаагоуп лҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева, арадио Sputnik аҟны."Алаҵа араионтә хәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы иҟоуп. Убри азы иҟоуп алшара жьҭаарамза анҵәамҭеи абҵарамза алагамҭеи рҟынӡа алаҵа аҟаҵараз", — азгәалҭеит лара.Лара лажәақәа рыла, алаҵа аилазаара есышықәса аҽаԥсахуеит иааиуа асезон азы иҟалар зылшо аимҳәа аштаммқәа рзы аҵарауаа разԥхьагәаҭарақәа инарықәыршәаны.Очамчыра ахәҭак уаҵәы, жьҭаара 15 рзы сааҭк лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Алашара ырцәахоит асааҭ 12:00 инаркны 13:00 рҟынӡа афымцеихшарҭа маҷ "Очамчыра-2" аҿы имҩаԥгахо аремонттә усурақәа ирыхҟьаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/0e/1066341294_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_20e717d48fdb7a5d5276b4744e42a538.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио