"Адырра" алекторцәа Аԥсны 50 инареиҳаны аҵараиурҭақәа рҿы аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркаахьеит
20:24 15.10.2026 (ирҿыцуп: 21:30 15.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 15 — Sputnik. Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" алекторцәа Аԥсны 50 инареиҳаны аҵараиурҭақәа рҿы арккаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит цәыббрамзазы.
Алекциақәа ирзыӡырҩит Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рҟынтәи 3 000-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи, абри атәы аанацҳаит аиҿкаара апресс-маҵзура.
Урҭ ҷыдала аинтерес рызцәырнагон Аԥсадгьыл абзиабара, акибершәарҭадара, иԥсабаратәым ахдырра ирыдҳәалоу атемақәа. Алекциақәа мҩаԥысуан иаарту адиалог аформат ала, азыӡырҩцәа рызҵаарақәа аекспертцәа ирырҭон, ргәаанагарақәа еимырдон.
"Ҳара баша адыррақәа реиҭаҳәара адагьы, аҿар азҵаарақәа ахьҳарто, иахьхәыцуа, рхатәы позициа ахьышьақәдыргыло иаарту адиалог азы аҭыԥ аԥҵара ҳашьҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" ахаҭарнакра адиректор Мадин Сақаниа.