Аҟәа араион Шыцкәаратәи ашкол ахь амҩа адгьылҳәазара иарбгеит
21:22 15.10.2026 (ирҿыцуп: 21:32 15.10.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 15 — Sputnik. Аҟәа араион Шыцкәаратәи ашкол ахь амҩа адгьылҳәазара иарбгеит.
Ашкол аанда каҳаит, аш ҵнаӡәӡәааит, адгьыл ақәыԥшылараҿы аиҟәԥарақәеи адгьыл аҭабгарақәеи ҟалеит. Убри аан ааха зауз амҩа — ақыҭа ақалақь иадызҳәалоз амаршрут хада ауп ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Иҟалаз ауадаҩра иазкыз анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Акапиталтә ргыларатә усбарҭеи Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭусбарҭеи жьҭаара 19 рҟынӡа ицәыргатәуп аҭагылазаашьа аамҭала аҭышәынтәалареи адгьылҳәазара ԥхьаҟатәи рыҿиара аԥырҟәҟәаареи рзы ажәалагалақәа.
Уи азы ақәаршҩытә ӡқәа мҩангатәуп, араион ахадареи аусбарҭақәеи аамҭалатәи ахыкәшарҭа мҩа аиҿкаара азҵаара аус адулатәуп.
Ашкол ахаҭа ахыбрагьы атехникатә ҭагылазаашьа макьана иҭҵаатәуп.

© telegram sputnik_apsny_info