Аманда Касланӡиа: Зегь реиҳа исгәаԥхеит апрактикатә хәҭа
17:57 16.10.2026 (ирҿыцуп: 19:11 16.10.2026)

© Sputnik / Mikhail Bogachev
Анапаҵаҩра
Апрограмма мҩаԥысуеит 2023 шықәса раахыс. Ари аамҭа иалагӡаны имҩаԥысит 16 модуль, урҭ ирылахәын аҳәаанырцә ааигәа атәылақәа 11 рҟынтәи 192-ҩык азыӡырҩцәа.
АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. "Зегь реиҳа исгәаԥхеит апрактикатә хәҭа".
Аԥсныпресс акорреспондент Аманда Касланӡиаԥҳа еиҭалҳәеит Москва иҟоу Sputnik Pro аҵаратә проект 16-тәи амодуль алахәхара аихшьаалақәа ртәы.
Апрограмма, лара лажәақәа рыла, ажурналистцәа реиԥш, уи иадҳәалоу азанааҭқәа рхаҭарнакцәагьы рзы ихәарҭахар алшоит. Алекциақәа рыдагьы, апрактика ахшыҩзышьҭра ду арҭоит.

"Избанзар уажәы аамҭа ыҟоуп, зегьы аинформациатә дәы аҿы аус руеит — ажурналистцәа ракәзааит, аблогерцәа ракәзааит, ауаажәларратә усзуҩцәа ракәзааит. Урҭ зегьы анс акә, арс акә амедиасфера иадҳәалоуп. Ажурналистцәа, еиҳарак Sputnik ажурналистцәа, рхы иадырхәаша знеишьақәак ибзианы ахархәара роуеит, рконтент еиҳа ирдырларц, ирыладырҵәарц азы", — ҳәа азгәалҭеит Касланӡиаԥҳа.
Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи алахәылацәа аимадарақәа шьақәдыргылеит, адыррақәеи аԥышәеи еимырдоит, лҳәеит Аԥснытәи ажурналист.
Жьҭаарамзатәи апрограмма Sputnik Pro иалахәын Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Таџьикистан, Узбекистан, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи ажурналистцәа, аблогерцәа, SMM, PR-специалистцәа.
"SputnikPro Зубовски" — ааигәатәи аҳәаанырцәи Балтиеи атәылақәа рҿы амультимедиатә центрқәа Рдирекциа апроект ИАР атәылақәа ржурналистцәа рзы.