Аԥсны ихыркәшахеит Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа
19:28 16.10.2026 (ирҿыцуп: 20:21 16.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Аԥсны ихыркәшахеит акомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба инапхгарала Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа.
Аҽазыҟаҵарақәа рахь иадыԥхьалан Атәылахьчара аминистрреи Арбџьармчқәа аштаб хадеи роперативтә еилазаара, аибашьра аамҭазтәи иааиԥмырҟьаӡакәа азыхиареи арезервтә еиҿкаарақәеи рырратә хәҭақәа, аҵакыратә хьчара амчқәеи ахархәагақәеи, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рырратә хәҭақәеи реиҿкаарақәеи, арратә комиссариатқәеи.
Ар рзеиԥш хыԥхьаӡара 4500-ҩык инареиҳаны аруааи 90 цыра абџьари, арратәи иҷыдоу атехникеи рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауаит "Аԥсны.Иахьа".