Алиса Гыцԥҳа V Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа алауреатцәа рылаҳәоуп
21:12 16.10.2026 (ирҿыцуп: 21:38 16.10.2026)

© Foto / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Алиса Гыцԥҳа V Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа алауреатцәа рылаҳәоуп.
Сынтәа аицлабрахь иааит 300 инареиҳаны азыҳәақәа адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтәи. Алԥшааратә хәҭа рхы аладырхәит Франциа, Латвиа, Боливиа, Еквадор, Аладатәи Кореиа, Монголиа, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Узбекистан, Ермантәыла, Аԥсны, Урыстәыла уҳәа атәылақәа рхаҭарнакцәа.
Афиналтә тур ахь инашьҭын 118-ҩык ауаа х-номинациак рыла: "Асолотә оператә шәаҳәара", "Ацҳәара аҟазара", "Акамератә вокалтә шәаҳәара".

Аицлабра Гран-при ианашьан Никита Мешьчериаков (абаритон, Москва).
Аоператәи акамертәи шәаҳәараҿы актәи аҭыԥқәа ааныркылеит — Даниил Гаркунови (атенор, Москва) Васили Фузеиникови (атенор, Клин).
Аноминациа "Искусство аккомпанемента" аҟны актәи аҭыԥ еиҩыршеит Зара Жазыкбаевеи (Ҟазахсҭан) Даниил Семыкини (Урыстәыла).
Афиналистцәеи, алауреатцәеи, аԥхьахә ҷыдақәа рҿы аиааира згази рсиа нагӡаны аицлабра аофициалтә саит аҿы икьыԥхьуп.
"Ҳара ҳаигәырӷьоит ари аиубилеитә еицлабрахь абриаҟара азыҳәақәа ахьнеиз, аусеицура иахьақәҿырҭиз аҩызцәа, апартниорцәа рхыԥхьаӡара. Ажиури сареи азыӡырҩрақәа ирылахәыз рыҩаӡара ҳгәы иахәеит — аконкуренциа ииашаҵәҟьаны даара иӷәӷәан, аиааира згаз ралхра мариамызт. Еиҳарак ҳдыргәырӷьеит аҳәаанырцәтәи алахәылацәа, урҭ ҷыдала атәыла харақәа рҟынтәи иаҳзааит, амузыка ҳәаа амам ҳәа ҳдевиз арҵабыргуеит", — ҳәа азгәалҭеит апроект асахьаркыратә напхгаҩы, ашьаҭаркҩы Алиса Гыцԥҳа.