Аԥсны афорум "Урыстәыла — Африка" иалахәхоит
21:51 17.10.2026 (ирҿыцуп: 22:42 17.10.2026)

© Sputnik / Артур Лебедев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 17 — Sputnik. Аԥсны ахаҭарнакцәа жьҭаарамза анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоу афорум "Урыстәыла — Африка" иалахәхоит.
Абри атәы иҳәеит АдәА рминистр Олег Барцыц, атәыла ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан.
Иара иажәақәа рыла, ааԥхьара алыршахеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ицхыраара иабзоураны.
Барцыц иазгәеиҭеит Африка, Мрагылара Ааигәа, Алада-Мрагыларатәи Азиа ртәылақәа рганахьала Аԥсны жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара ишаҿу.
"Сгәанала, ари асаммит амҩаԥгараан даара аинтерес зҵоу аимадара ҿыцқәа ҳауеит", — иҳәеит иара.