Ажәахырҿиаара
Аҳәызба злаукуа "ахәы" ахьӡуп, асеи аҟамеи злаукуа — амҳасҭа́. Ажәахырҿиааратә елемент -амҳа "амаа // акыга" аҵакы аманы иаҳԥылоит абарҭ аҿырԥштәқәа рҟынгьы:
Амҳа́бысҭа
Амҳа́ԥ (ажәҩа иаҵыршьуагьы)
Амҳа́ҵә
Амҳа́ц (ачқьыԥ)
• Ачамҳа́ (уст. "амҿтәы мҳаҵә")
"Амҳаҵә" ҳәа иашьҭоуп иара убас ҳажәҩан аҿы икеикеиуа иубо аеҵәаџьаа "Малая Медведица".
Асахьаҿы: Жәгарааи Амҳаҵәи (хыхьтәи иароуп, иагьеиԥшуп)
