Делбеи Ереськои Аԥсны аинфраструктура арҿыцразы азҵаарақәа ирылацәажәеит
14:45 18.10.2026 (ирҿыцуп: 14:49 18.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 18 — Sputnik. Аԥсны аинфраструктура арҿыцразы азҵаарақәа ирылацәажәеит аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла аргылареи анхарҭа-коммуналтә нхамҩеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Ереськои.
Урыстәылатәи аделегациа русуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагра араион аҿы иҟоу ахыбрақәа ирҭаауеит, ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
"2026-2028 шықәсқәа рызтәи асоциал-економикатә ҿиара аинвестициатә программа иаҵанакуеит аинфраструктура аҿиаразы ауснагӡатәқәа, анхарҭа-коммуналтә программагьы уахь иналаҵаны", — ҳәа азгәеиҭеит Делба.

Делба иажәақәа рыла, урыстәылатәи иколлегацәеи иареи русеицура — Аԥсны ауааԥсыра рыԥсҭазаара ахаҭабзиара ианыруеит, Аргылара аминистрра анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы.
"Урыстәыла акоммуналтә инфраструктура аиӷьтәразы афедералтә проект нагӡахоит, ари атәылазы— ус дууп. Ҳара ҳазыхиоуп ҳԥышәа Аԥсны ацеиҩшара", — иҳәеит Ересько.