Аԥсны ахаҭарнакцәа ахәыҟаҵаҩцәа рзы иназыцҵоу азанааҭдырра иахысит
17:00 18.10.2026 (ирҿыцуп: 17:12 18.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 18 — Sputnik. Аԥсны ахаҭарнакцәа ахәыҟаҵаҩцәа рзы иназыцҵоу азанааҭдырра иахысит.
Апрограмма "Ихадоу ахәыҟаҵаҩ" Сибратәи афедералтә университет агастрономиа аинститут аҿы ҩымчыбжь имҩаԥысуан, уи иалахәын 9-ҩык ҳәа иҳәеит апрограмма аҳәаақәҵаҩ Азамаҭ Багаҭелиа.
Урҭ ауҭраҭых хкқәа, ахьшьтәқәа, акәац рыҟаҵара атехнологиатә процессқәа ҭырҵааит, иналукааша ахәыҟаҵаҩцәа еиҳабацәа рхылаԥшрала.
Апрограмма алахәылацәа — ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи аԥснытәи аколлеџьқәа рыстудентцәеи, иара убас "Акризистә центр" ахаҭарнакцәеи, ианыхынҳәлак, ари аусхк аҟны ԥхьаҟагьы аҿиареи аусурҭа аԥшаареи рзы алшара роуеит ҳәа ациҵеит Багаҭелиа.
Апрограмма нарыгӡоит 2025 шықәса рашәарамзазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аԥсны ахада Бадра Гәынба иаԥшьгамҭа анагӡара алыршахеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Красноиарсктәи атәылаҿацә агубернатор Михаил Котиукови реиқәшаҳаҭрақәа ирылҵшәаны. 2026 шықәсазы аҵаратә программа иахысхьеит 60-ҩык инареиҳаны. Агастрономиа аҿы аус зуа анапхгараҭаҩцәеи анаплакҩцәеи, иара убас аҩыҟаҵаҩцәеи апрограмма ралархәра азгәаҭоуп.