Х аиубилеитә жәларбжьаратәи арт-пленер "Аԥсны ҭагалан ашәыгақәа 2026" ААУ аҿы иаатит
13:38 19.10.2026 (ирҿыцуп: 13:51 19.10.2026)

© Sputnik / Асмат Цвижба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Х аиубилеитә жәларбжьаратәи арт-пленер "Аԥсны ҭагалан ашәыгақәа 2026" ААУ аҿы иаатит.
Сынтәа уи иалахәуп Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи 15-ҩык асахьаҭыхыҩцәа. Уаанӡа дара ареспублика аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭаахьан, аԥсабара ргәы шьҭыхны асахьақәа ҭырхит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет адекан, Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа иажәақәа рыла, апленер асахьаркыратә функциа адагьы, акрызҵазкуа акультуратәи адипломатиатәи функциа нанагӡоит.

"Агеополитикатә ҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны, уи адәныҟатәи адунеии иареи зыԥсы ҭоу апрофессионалтә диалог азы иҭышәынтәалоу аканалқәа ируакхоит, Аԥсны Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи реимадарақәа институционалла иарӷәӷәоит", — иҳәеит иара.
Асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рҿы ирҭахын Аԥсны аԥшӡареи абзиабареи аарԥшны иаанрыжьырц, иҳәеит ААУ ҳаҭыр зқәу апрофессор Анатоли Данилов.
"Ари апленер уажәы ииашаҵәҟьаны зыԥсы ҭоу мыругоуп, Урыстәылеи Аԥсни еидызкыло", — ҳәа ациҵеит Данилов.
Арт-пленер алахәылацәа русумҭақәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ицәыргахоит.
Арт-пленер алахәылацәа русумҭақәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ицәыргахоит.