"Москватәи жәларбжьаратәи архивтә фильмқәа рфестиваль 28-тәи аигәныҩра" аатит Аԥсны
17:22 19.10.2026 (ирҿыцуп: 17:41 19.10.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Афестиваль "Москватәи жәларбжьаратәи архивтә фильмқәа рфестиваль 28-тәи аигәныҩра" аатит Аԥсны.
Аиҿкааҩцәа Аҟәаҟа иааргеит СССР ажәларқәа рлакәқәа рыла еиҭашьақәыргылоу амультфильмқәа рҟынтәи еизгоу асеанс, 80-тәи ашықәсқәа рзы амиузикл "лара аҳәымсаг лымоуп, иара ахылԥа еиқәаҵәа ихоуп", иара убас афильмқәа "Оз атәыла Алаԥшхырԥаҩ", "Адыд-Мацәыс ахыҵырҭа".
Урыстәыла Аҳәынҭфильмофонд аналитикатә департамент аҟазараҭҵааҩы хада Александра Устиужанина лажәақәа рыла, есышықәса жәа-фильмк инареиҳаны еиҭашьақәдыргылоит.
"Ацифратә реставрациа мҩаԥаагаанӡа аплионка ҳахылаԥшуеит. Ацифратә усдулара адепартамент дуӡӡа ҳамоуп, иара кадрцыԥхьаӡа напыла арыцқьара мҩаԥнагоит, аԥхьатәии афиналтәии аԥшшәыкоррекциа мҩаԥнагоит, аҭышәныртәалара еиҿнакаауеит, афильм ахәаԥшцәа рахь иреиӷьу ахаҭабзиара аманы ихынҳәхьеит", — лҳәеит лара.
Афильмқәа дырбара мҩаԥгахоит Аҳәынҭфилармониаҿы жьҭаара 19, 20 рзы, уаҵәы апрограмма "Оз атәылаҟынтәи Алаԥшхырԥаҩ", "Адыд-Мацәыс ахыҵырҭа"рҟны. Ахәаԥшра хәыдаԥсадоуп.