АҩАР акадртә еиҭакрақәа ирыцҵахоит
17:33 19.10.2026 (ирҿыцуп: 17:53 19.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны акадртә еиҭакрақәа ирыцҵахоит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аусбарҭа ахада Роберт Кьиут.
Иара иажәақәа рыла, аӡбамҭақәа зыдҳәалаз хаҭалатәи аилазаара арҿыцра аҭаххареи аиҿкааратә зҵаарақәеи ракәын.
"Ҳара ҳаппарат хадаҿи ашьаустә ԥшаараҿи фактла анапхгара зегьы иааныркылоз рмаҵурақәа ирымхын, егьырҭ ахырхарҭақәа рахь ииаган, нас аколлектив ҿыц еиҿкаан. Иара убасгьы иахьа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аколлектив ҿыц ашьақәыргылара иаҿуп", — иҳәеит Кьиут "Аԥсуа телехәаԥшреи ""Абаза-ТВ" аинтервиу рыҭо.
Роберт Кьиут игәаанагарала акадртә еиҭакрақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥгатәуп, урҭ хра рыманы ишыҟоу шьақәдырӷәӷәахьеит.