Атеатртә сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аԥснытәи адрам театр афоие аҟны
19:39 19.10.2026 (ирҿыцуп: 19:48 19.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Атеатртә сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә театр афоие аҟны.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаауп жәларбжьаратәи афестиваль "Х-аҳҭнықалақьк" аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи иалахәуп Нхыҵ Уаԥстәылатәи Акамертә театр ШКиТ, Кәасҭа Хеҭагуров ихьӡ зху Аахыҵ Уаԥстәылатәи атеатр, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр.
Асасцәа рделегациа анапхгаҩы Ҭамила Таболова иазгәалҭеит ацәыргақәҵа Урыстәыла атеатртә усзуҩцәа Реидгыла 150 шықәса ахыҵра иазкуп ҳәа.
"Ацәыргақәҵаҿы афестиваль иалахәу атеатрқәа зегьы ирызку астендқәа, еиуеиԥшым аспектакльқәа рықәыргылараан атеатрқәа ргәыцә хада асахьаҭыхыҩцәа ирызку", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Ацәыргақәҵа анаадырт ашьҭахь ахәаԥшцәа иддырбеит афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьатәи апремиера — Михаил Булгаков иажәабжь амотивқәа рыла амоноспектакль "Китаитәи аҭоурых". Режиссиорс дықәгылеит Мадина Аргәынԥҳа.
Атеатртә фестиваль мҩаԥысуеит Урыстәыла ахада акультуратә аԥшьгарақәа рзы ифонд ацхыраарала.