Ауаҩы хазына, абаҩхатәра злаз аҳақьым: Апполон Гәыргәлиа изкны
14:11 19.10.2026 (ирҿыцуп: 14:45 19.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Апполон Гәыргәлиа – еицырдыруа ахирург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Жәлар Реизара ахәбатәи ааԥхьара адепутат, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр 1995-1999 шықәсқәа рзы. Апполон Гәыргәлиа иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 19 рзы 74 шықәса дшырҭагылаз.
Sputnik
Ауаҩы ссир, аԥышәа змоу арҵаҩы, апрофессионалтә ҳақьым, абас ихцәажәоит зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны Афырхаҵа Апполон Гәыргәлиа иколлегацәеи иҩызцәеи.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахирургиатә ҟәша аиҳабы Маврик Чагәаа дхәыҷаахыс Гәыргәлиеи иареи еиҩызцәан. Аҵара еицырҵон, Кәтолтәи абжьаратә ашкол еицалгеит.
Гәыргәлиа ашкол ашьҭахь Львов амединститут дҭалеит. Иҵара даналга, 1981 шықәса раахыс Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы аус иуан ҳәа игәалаиршәоит Чагәаа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гәыргәлиа Џьгьарда ақыҭан амедпункт еиҿикааит. Иара илшеит ахирургиазы амыругақәа ԥшааны, иуадаҩу аоперациақәа рымҩаԥгара, ихәыз аибашьцәа рымаха-шьаха ахҵәарагьы уахь иналаҵаны.

"Ҳара арҭ ашықәсқәа зегьы ҳаиҩызцәаҵәҟьан. Апполон еснагь ауаҩы иԥсы ихҭынҵара дазхиан", — ҳәа ациҵеит иара.
Аԥсны Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут адиректор Зураб Амқәаб Гәыргәлиеи иареи еибадырит аибашьраан.
Иара игәалашәарақәа рыла, аибашьра ианалагаз аамҭазы аҳақьым Урыстәыла дыҟан, аха иаразнак иԥсадгьыл ахь дхынҳәит имҩаԥысуа ахҭысқәа ртәы шеиликааз еиԥш.
Џьгьарда ақыҭан иҟоу амедпункт абомбақәа аларыжьит, Гәыргәлиа иколлегацәеи иареи ашьхарԥаҿы иҟоу ахатәы ҩны ахь ииасыр акәхеит, уаҟа ахәцәа реиқәырхара аус иацырҵеит.

"Иҳараку апрофессионализм адагьы, уи дуаҩ хазынан. Иара ибзоурала иахьа зықьҩыла ахәцәа рыԥсы ҭоуп. Ҳара уи ахаан даҳхашҭӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Амқәаб.
Агәыӡератәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Гәырам Шьоуеи Апполон Гәыргәлиеи еибадырит 1984 шықәсазы, иҵара далганы, Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿы аусура даналага.
"Апполон Алмасхан-иԥа раԥхьатәи снапхгаҩыс, сымҩақәҵаҩыс дыҟан. Усҟан иара аус иуан ахирургиатә ҟәша аординатор еиҳабыс. Усҟангьы аԥышәа ду змаз ҳақьымын, сара аинститут ашьҭахь зынӡа сқәыԥшын, анаҩс, аҳақьым-хирургны сыҟалара иара ибзоуроуп. Даара сманшәалахеит иара инапаҵаҟа сахьыҟаз", — иҳәеит иара.
Қәрала ишеиқәлацәамызгьы, Шьоуеи Гәыргәлиеи еивагылан русураҿы мацара акәымкәа, еиуеиԥшым аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа рҿгьы.