IV Жәларбжьаратәи "Инал-иԥа иԥхьарақәа" аатит Аҟәа
11:47 20.10.2026 (ирҿыцуп: 12:09 20.10.2026)

© Sputnik / Бадрак Авидзба
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҵарауаҩ, аетнограф, афольклорист Шьалуа Инал-иԥа 100 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп, иҭҵаауан аԥсуаа ретногенез, нарҭаа репос, атопонимика, афольклор.
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. IV Жәларбжьаратәи "Инал-иԥа иԥхьарақәа" аатит Аҟәа.
Уи Шьалуа Инал-иԥа диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазкуп.
Уи Шьалуа Инал-иԥа диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазкуп.
Инал-иԥа иусумҭақәа аԥсуа ҭҵаарадырра шьаҭас иаиуит, урҭ ирыҵаркуеит аҭоурых, аетнографиа, алитератураҭҵаара уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа ҳәа азгәеиҭеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы.
"Иахьатәи аиԥылара аԥсуа ҭҵаарадырра иналукааша ахаҭарнак игәалашәара аҳаҭыр мацара акәӡам, уи Кавказ аҭоурыхи, акультуреи, аетнографиеи, абызшәеи, алитературеи, адоуҳатә ҭынхеи рыҭҵаара зусура азызкыз аҭҵааҩцәа еидызкыло акрызҵазкуа ҭҵаарадырратә хҭысуп", — иҳәеит Ашәба.
Аԥсуа ҵарауаа ирыцны аконференциа иалахәуп Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Урыстәыла егьырҭ арегионқәеи рхаҭарнакцәа.
Ҩымш рыҩныҵҟа дара Шалуа Инал-иԥа иԥсҭазаареи иусуреи, иара убас аҭҵаарадырра еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҭҵаареи ирызку ажәахәқәа ирыԥхьалоит.
Ҩымш рыҩныҵҟа дара Шалуа Инал-иԥа иԥсҭазаареи иусуреи, иара убас аҭҵаарадырра еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҭҵаареи ирызку ажәахәқәа ирыԥхьалоит.
