ААР Бадра Гәынба иднагалеит аиҿкаара ҳаҭыр зқәу алахәылас аҟалара
13:33 20.10.2026 (ирҿыцуп: 13:58 20.10.2026)
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Бадра Гәынба иднагалеит аиҿкаара ҳаҭыр зқәу алахәылас дҟаларц.
Адыгатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Арсен Каноков иҟынтәи аофициалтә шәҟәы, IV Иналиԥатәи аԥхьарақәа рҿы Ҟабарда-Балкариа апарламент адепутат, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Сафарби Шхагапсоев даԥхьеит.
Академиа ахьӡала иара иазгәеиҭеит АЖәАР аграждантә уаажәларра аинститут аҳасаб ала иааннакыло аҭыԥ, агәрагара ааирԥшит Аԥсны ахадеи иареи русеицура ареспубликақәа рыбжьара аҭҵаарадырратә еимадарақәа шарӷәӷәо.
Ари ашьаҿа академиа аҿиареи уи аҳаҭыр ашьҭыхреи рзы илшараны иҟалоит ҳәа ациҵеит Шхагапсоев.
Адыгатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 1992 шықәсазы ишьаҭаркыз уаажәларратә ҭҵаарадырратә еиҿкаароуп. Уи еиднакылоит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи адыга хылҵшьҭра змоу аҭҵааҩцәа.