Рауль Лолуа Кремль имҩаԥысуа амилаҭтә ԥхьахә "Ахьтәы маҟа" анашьара XVI ацеремониа даҭааит
15:31 20.10.2026 (ирҿыцуп: 15:51 20.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Рауль Лолуа даҭааит Кремль имҩаԥысуаз амилаҭтә ԥхьахә "Ахьтәы маҟа" анашьара XVI ацеремониа.
Ари Урыстәыла ақәԥаратә ҟазара аганахьала иреиҳау ҳамҭоуп. Уи ранашьахоит "Ашықәс азы иреиӷьу аспортсмен", "Ашықәс азы иреиӷьу амҩақәҵаҩ" реиԥш иҟоу акатегориақәа иара убас аноминациа "Аԥсадгьыл амаҵзураҿы" рҟны.

"Аусмҩаԥгатә Сергеи Кириенкои Иури Трутневи реиԥш иҟоу аҳәынҭқарратә усзуҩцәа иахьаадыртуа, Аԥсны ахаҭарнакцәа иахьа ақәԥаратә ҟазара Урыстәылатәи аидгыла ааԥхьарала ари азал аҿы иахьыҟоу ҳажәларқәа иузеиҟәымҭхо реимадареи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара иҟоу агәрагара ҳараки рзы ишаҳаҭгоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Лолуа.
Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ицын уи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьибеи аидгыла "Аԥсны аурыс уаԥшь" ахантәаҩы Роман Риазанцеви.
"Ахьтәы маҟа" азырхоуп иналукааша аспортсменцәа, азыҟаҵаҩцәа, амҩақәҵаҩцәа Урыстәыла ақәԥарақәа рыҿиараҿы рлагалазы адгылара рыҭара. Аԥхьахә аиҿкааҩ – ақәԥаратә ҟазара Урыстәылатәи аидгыла.
"Ахьтәы маҟа" азырхоуп иналукааша аспортсменцәа, азыҟаҵаҩцәа, амҩақәҵаҩцәа Урыстәыла ақәԥарақәа рыҿиараҿы рлагалазы адгылара рыҭара. Аԥхьахә аиҿкааҩ – ақәԥаратә ҟазара Урыстәылатәи аидгыла.