Апаллиативтә цхыраара аҟаҵаразы аспециалистцәа разыҟаҵара иалагоит Аԥсны араионқәа рҿы
15:56 20.10.2026 (ирҿыцуп: 16:11 20.10.2026)

© Sputnik / Евгений Одиноков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Апаллиативтә цхыраара аҟаҵаразы аспециалистцәа разыҟаҵара мҩаԥыргоит Очамчыреи Гали араионқәа рҿы ҳәа лҳәеит ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа.
Лара илҳәеит апроект анагӡара уаҵәы нап адыркырц ргәы ишҭоу. Иара, иахьа Аҟәа, ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы иаатыз асеминар "Икоммерциатәым аиҿкаарахь аресурсқәа радыԥхьалара" аҿы излацәажәо атема хадақәа ируакуп.
Уи иалахәуп Аԥсни Белгородтәи аобласти рҟынтә аҟазауааи, иара убас агәыҳалалратә фондқәа рхаҭарнакцәеи.
Афонд "Иԥшьоу Белогорие ахәыҷтәы кьыбачымазара иаҿагыланы" ахантәаҩы Евгениа Кондратиук илҳәеит апаллиативтә цхыраара – еиуеиԥшым аспециалистцәа русура хәышәтәышьа змам ачымазцәа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра ианазырхоу дисциплинартә знеишьаны иҟоуп ҳәа.
Иара убас, асеминар алахәылацәа АИХқәа аус рыцура амҩақәа, русураҿы ИА ахархәара, аусеицура алшарақәа ирылацәажәеит.