00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Габриела Лахина лышьра аус ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукСудебный молоток
Судебный молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2026
Анапаҵаҩра
Ацәгьоура ҟалеит 2026 шықәса мшаԥы 7 рзы, Маҷара ақыҭан.Ахарадҵа излаҳәо ала, Лахина арыжәтәи анаркотики лыдкыланы дыҟан, лаҳәшьаԥҳа длыпҟеит лҳәатәы ахьхалымҵаз иахҟьаны. Аӡӷаб ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит.
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Ахарадҵа ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿырхит ԥшьышықәса зхыҵуа Габриела Лахина лышьра аус азы аӡбарҭа аилатәараҿы.

Шаҳаҭцәас иқәгылеит Агәыӡератәи агоспиталь амедицинатә усзуҩцәа ҩыџьа, урҭ еиҭарҳәеит ахәыҷы даннаргаз, лҭагылазаашьа зеиԥшраз, иарбан цхыраароу илырҭаз, иарбан аахақәаз иазгәарҭаз ртәы.

Ашаҳаҭцәа излашьақәдырӷәӷәо ала, ас еиԥш аахақәа роура ҟаломызт уаанӡа Лахина ахәышәтәырҭахь дназгаз ахаҵа ишиҳәаз еиԥш аҳаракыра аҟынтәи акаҳараан, мамзаргьы ахәыҷқәа реимак аан.

Аҿахәҿыхра ашьҭахь зус рыӡбоз Кристина Лахина лдукат аӡбарҭа ахәаԥшразы азыҳәа ҟаиҵеит мчыбжьык ахь знык лхәыҷқәеи лареи реиқәшәаразы алшара лырҭарц.

Ахарадҵаратә ган уи иаԥырхагамхеит, аха аӡбарҭаҿы рҿахәы анырҿырх ашьҭахь акәхоит ҳәа азгәаҭаны.
Уи азы аҵыхәтәантәи аӡбамҭа рыдыркылоит анаҩстәи азыӡырҩрақәа рҿы.

Анаҩстәи аилатәара мҩаԥгахоит абҵара 13 асааҭ 14:00 рзы.

Кристина Лахина ахара лыдырҵоит гәҭакыла, ҷыдала гәымбылџьбарала ахәыҷы дыргәаҟны дылшьит ҳәа.

Ацәгьоура ҟалеит 2026 шықәса мшаԥы 7 рзы, Маҷара ақыҭан.
Ахарадҵа излаҳәо ала, Лахина арыжәтәи анаркотики лыдкыланы дыҟан, лаҳәшьаԥҳа длыпҟеит лҳәатәы ахьхалымҵаз иахҟьаны. Аӡӷаб ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит.

Кристина Лахина 8-15 шықәса ҿҳәарас иаҭаны аҭакра лықәшәар алшоит. Аусҭҵаара цонаҵы лара дырбаандаҩуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0