Роберт Кьиут: Аԥсни Урыстәылеи рымчратә усбарҭақәа русеицура аплан хра змоу акәны иҟоуп
17:45 20.10.2026 (ирҿыцуп: 18:12 20.10.2026)

© Sputnik / Роберт Киут
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рымчратә усбарҭақәа русеицура аплан хра змоу акәны иҟоуп, абиурократиатә ԥкрақәа рыда аусура алнаршоит иҳәеит Аԥсны АҩАР ахада Роберт Кьиут.
"Иарбоу аплан анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара аҳәаа иаԥну аусеицуразы есышықәсатәи аиԥыларақәа мҩаԥаагоит. Урҭ шықәсык ахь ҩынтә имҩаԥысуеит. Абҵарамза алагамҭазы афедералтә ҵакыра "Сириус" аҿы ҳаиԥылара азԥхьагәаҭоуп", —ҳәа иҳәеит аминистр, иагьациҵеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны ихадоу азҵаарақәа рылацәажәара шалыршахо.
АТР-и "Абаза-ТВ-и" аинтервиу рыҭо, Кьиут иҳәеит урыстәылатәи иколлегацәеи иареи аҵыхәтәантәи реиԥылараан ишышьҭыхыз Аԥсны аексперттә усбарҭа цҵақәа раԥҵареи ДНК-експертизақәа рымҩаԥгаразы алабораториа аиҿкаареи ртема.
Ас еиԥш аԥхьагылара змоу атехнологиақәа ацәгьоурақәа раарԥшра алдыршоит ҳәа азгәеиҭеит Роберт Кьиут.