https://sputnik-abkhazia.info/20261020/1066474847.html
Аџьатә закәанеидкыла ақәымныҟәаразы Аԥсны ахараԥсақәа рзыԥҵәоуп 17 еиҿкаара
Аџьатә закәанеидкыла ақәымныҟәаразы Аԥсны ахараԥсақәа рзыԥҵәоуп 17 еиҿкаара
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Аџьатә закәанеидкыла ақәымныҟәаразы Аԥсны ахараԥсақәа рзыԥҵәоуп 17 еиҿкаара ҳәа аанацҳаит Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә... 20.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-20T18:00+0300
2026-10-20T18:00+0300
2026-10-20T18:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/11/1063755783_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_4a1274d6baa5c1c9cf3ceb201f846c7f.jpg
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Аџьатә закәанеидкыла ақәымныҟәаразы Аԥсны ахараԥсақәа рзыԥҵәоуп 17 еиҿкаара ҳәа аанацҳаит Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра.Аџьатә инспекциа игәанаҭоит, раԥхьа иргыланы, ауалафахәы ахыԥхьаӡалара ашәагааи аҿҳәареи.2026 шықәсазтәи аплан иалагалоуп 81 еиҿкаара, урҭ рҟынтәи 44 аинспекциа рҭаахьеит.17 еиҿкаара ахараԥса рықәҵоуп, 11 ргәаҭара макьана имҩаԥысуеит.Аџьа аҳәынҭқарратә инспекциа аусура иацнаҵоит. Аԥсны иреиҵаӡоу аулафахәы 20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит аминистрцәа Реилазаара Nº 150 08.10.2025 иаднакылаз Ақәҵара инақәыршәаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/11/1063755783_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_981e63dce7cc5679241b0d9bd2d53603.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аџьатә закәанеидкыла ақәымныҟәаразы Аԥсны ахараԥсақәа рзыԥҵәоуп 17 еиҿкаара
18:00 20.10.2026 (ирҿыцуп: 18:15 20.10.2026) АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Аџьатә закәанеидкыла ақәымныҟәаразы Аԥсны ахараԥсақәа рзыԥҵәоуп 17 еиҿкаара ҳәа аанацҳаит Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра.
Аџьатә инспекциа игәанаҭоит, раԥхьа иргыланы, ауалафахәы ахыԥхьаӡалара ашәагааи аҿҳәареи.
2026 шықәсазтәи аплан иалагалоуп 81 еиҿкаара, урҭ рҟынтәи 44 аинспекциа рҭаахьеит.
17 еиҿкаара ахараԥса рықәҵоуп, 11 ргәаҭара макьана имҩаԥысуеит.
Аџьа аҳәынҭқарратә инспекциа аусура иацнаҵоит.
Аԥсны иреиҵаӡоу аулафахәы 20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит аминистрцәа Реилазаара Nº 150 08.10.2025 иаднакылаз Ақәҵара инақәыршәаны.