Хә-тоннак апестицидқәа Аԥсныҟа инаргеит
18:26 20.10.2026 (ирҿыцуп: 18:51 20.10.2026)
Анапаҵаҩра
Аԥсуа фермерцәа рҽаҩрақәа шықәсқәак ҵуеит амармалташьтә пти, егьырҭ аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷамаҷақәеи аԥхасҭа рнаҭоижьҭеи.
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Хә-тоннак апестицидқәа Аԥсныҟа инаргеит.
Еиуеиԥшым ахкқәа злоу ахәшәқәа 9 млн мааҭ инареиҳаны иаанагеит аицлабраҿ иаиааиз урыстәылатәи аилахәыра.
Ақыҭанхамҩа аминистрра иамоуп аинсектицидқәа рбанк, урҭ аԥхасҭа ҟазҵо ықәыргоит. Уажәы аҵиаақәа рчымазарақәа рзы ахәшәқәа аархәеит ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо иҳәеит аҵиаақәа рыхьчара амаҵзура аиҳабы Владимир Гьериа.
Абасала, аамҭакала аҵиаақәа ирхәышәтәлоит, насгьы аԥхасҭа ҟазҵо аԥырхлоит.
Раԥхьа иргыланы аус адулара аҭахуп араса. Иааиуа ашықәс азы аҽаҩра акәыкәбаачымазарақәеи амармалташьтә пты иҟанаҵо аԥырхагеи рныруеит ҳәа ациҵеит Гьериа.