2027 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысран иҟоу адомино азы адунеи Ачемпионат аҽазыҟаҵара иалацәажәеит
20:14 20.10.2026 (ирҿыцуп: 21:29 20.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. 2027 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысран иҟоу адомино азы адунеи Ачемпионат аҽазыҟаҵара иалацәажәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ҳәа адырра ҟанаҵеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Испаниа имҩаԥысыз атурнир алахәылацәа дырԥылеит. Иара Алмас Габниеи Саид Ашәбеи рзанааҭтә қәҿиарақәа рыдиныҳәалеит.
Ареспублика еизгоу акоманда Қырҭтәыла ақәыӷәӷәара иахҟьаны ихаҭәаамкәа Испаниа иқәгылон, аха уи аспортсменцәа иҳараку аҩаӡарақәа раарԥшра иаԥырхагамхеит ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.
Иара убасгьы иҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы Аԥсны ачемпионат амҩаԥгара аҽазыҟаҵараҿы иахәҭоу адгылара шыҟанаҵо.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иациҵеит Аԥсны анапхгареи адәныҟаполитикатә усбарҭеи аспортсменцәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхараҿы ацхыраара шрырҭо.
Адомино азы адунеи Ачемпионат 2027 Аԥсны амҩаԥгаразы аӡбамҭа еицҿакны ирыдыркылеит Жәларбжьаратәи адомино афедерациа ассамблеиа хада алахәылацәа.