Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит Ҭырқәтәыла
21:01 20.10.2026 (ирҿыцуп: 21:27 20.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира агара иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит Ҭырқәтәылатәи ақалақь Диузџье аҿы.
Уи рхы аладырхәит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рҭаацәа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора иатәу аҿар.
Авидеоааԥхьараҿы аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ҳџьынџьуаа имҩаԥысыз аныҳәа рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, ақәҿиарақәа, аизҳазыӷьара.
Алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
"Адәныҟатәи ақәымчра аамҭазы адиаспора реидгылареи аҳәаанырцә иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра иазку аобиективтә информациа аӡыргараҿы ишиашоу шәалахәреи Аԥсны Аҳәынҭқарра апозициақәа ганрацәала рырӷәӷәаразы астратегиатә ҵакы змоу факторны иқәгылоит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.