Зыԥшаара рылаҳәаз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Аԥсны дааныркылеит
11:01 21.10.2026 (ирҿыцуп: 14:11 21.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 21 — Sputnik. Зыԥшаара рылаҳәаз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Аԥсны дааныркылеит.
Ацәгьоура хьанҭақәа рзы ахара здырҵо Меҳмеҭ Кызларслан ареспубликаҿы аиашаӡбара иҽацәиҵәахуан 2025 шықәса раахыс ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
Ихаҭара агәаҭара иаанарԥшит иара Ҭырқәтәыла ақәыларақәа ирылахәыз еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥ дшалаз.
Кызларслан Аԥсны далцан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ала. Аԥсны АШәМ аҿы иазгәарҭеит, аринахысгьы ҭырқәтәылатәи еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥқәа рхаҭарнакцәа ашьаустә ҭакԥхықәра иацәцарц азы Аԥсныҟа раара шыԥдырҟәҟәаауа.