Аԥсны АдәАР атәылауаҩшәҟәқәа рыла ҩ-тәылауаҩрак змоу аҳәаа рахысра азҵаара иалацәажәоит
12:55 21.10.2026 (ирҿыцуп: 14:10 21.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 21 — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амилаҭтә тәылауаҩшәҟәқәа рыла ҩ-тәылауаҩрак змоу аҳәаа рахысра азҵааразы урыстәылатәи агани иареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргараны иҟоуп.
Зыӡбахә ҳәоу Москва аҳаирбаӷәазақәа рҿы аушьҭырҭатә ҭыԥқәа роуп. Иара убасгьы урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаақәак аԥсуа тәылауаҩшәҟәы ала аҳәаа ахысразы ауадаҩрақәа рызцәырҵит.
Егьырҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы убри аҩыза ауадаҩрақәа рзы адыррақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иамаӡам ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аконсультациақәа мҩаԥысуеит аус зуа ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа ҳасаб рзуны.
Аԥсны АдәАР аҳәара ҟанаҵоит ас еиԥш апроблемақәа ирықәшәаз атәылауаа урҭ рзы адыррақәа ҟарҵаларц, иара убас аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реилыркаарақәа ирықәныҟәаларц, официалла ишьақәырӷәӷәам адыррақәа ирықәымгәыӷларц.