00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ахьыуардын
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ахьыуардын
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сбааш шкәакәа шәы зҿаӡам": акәтаӷь иазкны гәаанагарақәак

© Sputnik / Владимир ТрефиловПодготовка к Пасхе
Подготовка к Пасхе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2026
Анапаҵаҩра
"Зцәа шкәакәоу, згәы ҩеижьу" акәтаӷь ганрацәала дахцәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсаатә рахьтә аԥсуаа еиҳараӡак фатәыс рхы иадырхәо акәти ашәишәи ржьоуп, аҟызи акәатеи ржьгьы рфоит, аха имаҷноуп ахархәара шрымоу.
Ақыҭа ԥҳәыс лбарақьаҭра, лымаашьара иадыргоуп лашҭа иқәубаауа лыкәты-лыкәҷар. Аҭаацәарақәа рҿы аԥсаатә шьны иахьырфо адагьы, ирҵо акәҭагь иалухуа рацәоуп: ишыкәымпылу ижәны, ма иџьны, каканла ичаԥаны, ихырԥҟаланы ижәны, иара убас ахарҵәы сыӡбал иӡааҵаны абысҭа ԥхеиԥхеи инадкыланы ҭаацәарак еилнаргоит.
"Сбааш шкәакәа шәы зҿаӡам" ҳәа ицәажәоит акәҭаӷь азырбо аԥсуа жәлар рцуфара. "Зцәа шкәакәоу, згәы ҩеижьу" акәтаӷь амедицина аганахьала уазааҭгылозар, ихырҳагоу аалыҵуп: ауаҩы ихшыбаҩи инервтә системеи ирзеиӷьуп, ублақәа арҵаруеит, ацәеижь ажьашәақәа арӷәӷәоит уҳәа.
Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
"Еиҭоумҳаз аҵла аԥҟара мариоуп": абжьгара-лабжьаратә ҵакы змоу ажәаԥҟақәа

Ажәаԥҟақәа

Акәҭаӷь азырбо аԥсуа жәаԥҟақәа рҿынтә иалыскааит: "Акәтаӷь шаҟәагьы ацәа шкәакәоуп", "Акәты иалшо акәтаӷь ауп", "Акәтаӷь ԥҽыр иузеибгатәуам", "Акәтаӷь ԥымҽкәа феида узалхуам", "Акәтаӷь шаҟәа ԥуҽыр аҵкыс, хара икаужьыр еиӷьуп", "Акәты ахьыкаркаруа кәтаӷь аҵом", "Акәты бааԥс акәтаӷьгьы шаҟәоуп", "Акәты иамырчаз – акәтаӷь дарчеит".
Еиҳа инарҭбааны срылацәажәоит:
Акәтыжәла бзиа акәтаӷь ала иудыруеит. Зус бзианы издыруа ауаҩы изку жәаԥҟоуп. Иаагозар, ауасҭа бзиа, аҟаза бзиа икымҭала дудыруеит.
Уаҵәтәи акәты аҵкыс иахьатәи акәтаӷь. Изеиԥшразаалакгьы, иахьа иурҭо еиҳа еиӷьуп, уаҵәы узықәдыргәыӷуа аасҭа.
Агәыла икәты мышкы ҩынтә иҵоит. Агәыла иԥсҭазаара бзиа, имал-ишьал иаҵашьыцуа ирызку жәаԥҟоуп. Ауаҩы бааԥс игәыла имал марианы, џьабаада иоузшәа иԥхьаӡоит.
Кәтык џьара иҵон, џьара икакон. Дуцәнымхошәа зхы аазырԥшуа ауаҩы, аусаҿ ианнеилак, даҽа шьоукы ирхаҵгыло ихҳәаау ажәаԥҟоуп.
Жәлар рдоуҳа: Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсуаа ааԥын аԥсаатәқәак рыҽзацәырыхьчоз ртәы    - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Арадио
Жәлар рдоуҳа: Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсуаа ааԥын аԥсаатәқәак рыҽзацәырыхьчоз ртәы

Акәтаӷьи аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәеи

Адунеи иақәлоу аҟыба-ӡыба уҩны ианыҩнала, ҳаӷеиҭа — уарӷьацом. Аҭаацәа рҳәатәы еиқәшәо ианыҟала, иззымиааиуа, ирылымшо акгьы ыҟаӡам. Убас, аԥҳәызба аҩнра ҳәа лшьаҿа ахьеихылго аҭаацәа рыбжьара наунагӡа аилибакаара ҟаларазы абри аҩыза аритуал мҩаԥыргон: "Ажәытәан, аҭаца данааргалак, амҳарахьы днаргон. Амҳара ашә аҿы анхәа асаан ашырӡ аныԥсаланы, акәтаӷь анҵаны дылԥылон. Аҭаца акәтаӷь аанылхуан, лнапы ианҵаны, амҳара дныҩналон, ашьшьыҳәа инышьҭалҵон. Ирбылгьо амҳара агәы иакәлыршон, илыцәԥымҽыр акәын. Уи иаанагоз — аҭаца аҩны иҩналгалеит аҭынчра, аҭыӡшәадара, аҳәатәеиқәшәара, аҟыҟҿыҟдара, агәыбылра, апатуеиқәҵара уҳәа, ауаҩы дынзырхо ҳәа иҟоу зегьы. (Ахыҵхырҭа: Џьума Аҳәба "Иҩымҭақәа реизга". 6-тәи атом).

Ажәлар разгәаҭарақәа рахьтә

Акәытҵараҿ ахырҵлаӷь аанумыжьыр акәытқәа аҵара иаҟәыҵуеит рҳәоит.
Акәты анхырҵо, акәтаӷьқәа ахылԥа иҭаҵаны иргон.
Акәтаӷь ацәа акәты иафар хәарҭам, аҵара иаҟәыҵуеит рҳәоит.
Акәытқәа апырпыл жәла рфар, аҵара иалагоит рҳәоит.
Акәтаӷь ацәа акәты иафар, акәтаӷь анужәуа ацәа ахыҵӡом рҳәоит.

Акәтаӷьи аԥхыӡқәеи

Акәтаӷь шаҟәа ԥхыӡла абара ԥарала аиԥҟьара иатәуп.
Акәтаӷь рацәа укны иубазар — абеиара, аусқәа рыманшәалахара иазҳәоуп.
Акәтаӷь анԥуҽ ҩ-гәык агәыланы ԥхыӡла иубазар, ԥгалак иатәуп.
Ажәар
Акәтаӷь — яйцо.
Акәтаӷьгәы — желток.
Ахӡы (акәтаӷьхӡы, ма аци́л) акәтаӷь иагәылоу ашкәакәара — яйчный белок.
Акәтаӷьџьы — яйчница.
Акәтаӷьхырпҟала — яйцо всмяту.
Акәтаӷьчаԥа — вареные яйца с орехом.
Акәтаӷьшаҟәа — тухлое яйцо.
Акәтаӷьцәа — яйчная скорлупа.
Афразиологизмқәа
Акәтаӷь былгьоит — царит мир, спокойствие, умиротворение, тишь да гладь, да божья благодать.
Акәтаӷьцәа дылкәкәааны (дылхны) длааӡеит — она его воспитала с большим трудом.
Акәтаӷь ԥуҽыр иӡуеит — ашоура цәгьа; зной, пекло.
Ажәабжьқәа зегьы
0