Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днарскьаргеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым Апполон Гәыргәлиа
15:34 22.10.2026 (ирҿыцуп: 21:36 22.10.2026)

© Foto
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днарскьаргеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Аԥсны Афырхаҵа Апполон Гәыргәлиа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гәыргәлиа Џьгьарда ақыҭан амедицинатә пункт еиҿикааит. Иара илшеит ахирургиазы амаругақәа рыԥшаара, ихәыз аибашьцәеи аҭынч уааԥсыреи аоперациақәа рзиуан.
Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы Апполон Гәыргәлиа агәабзиарахьчара асистемаҿы еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәигон, аминистрра напхгара аиҭон, Жәлар Реизара V ааԥхьара адепутатс дыҟан, асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы аилак напхгара аиҭон.
Иара убас аҭҵаарадырратә усурагьы инапы алакын. 2026 шықәсазы икьыԥхьын ҩ-томкны иҟоу "Амедицинатә терминқәа аурыс-алатын-аԥсуа жәар".
Иџьа ахәшьара анаҭеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, автор ианашьан Аԥсны АР Ҳаҭыр зқәу аҳақьым ҳәа ахьӡ.
Апполон Гәыргәлиа иԥсҭазаара далҵит 74 шықәса дшырҭагылаз акраамҭатәи ичымазара бааԥс ашьҭахь. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара.