Бадра Гәынба ацәыргақәҵа "Шьалуа Инал-Иԥа — ауаҩы, аҵарауаҩ" даҭааит
16:01 22.10.2026 (ирҿыцуп: 21:36 22.10.2026)

© Video screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Бадра Гәынба ацәыргақәҵа "Шьалуа Инал-Иԥа — ауаҩы, аҵарауаҩ" даҭааит.
Атәыла ахада аекскурсиа изымҩаԥылгеит аҵарауаҩ иԥҳа, ауаажәларратә усзуҩы Арда Инал-Иԥа.
Аҳәынҭқарра ахада идырбеит Шьалуа Инал-Иԥа иҭҵаарадырратә усумҭақәа, имшынҵақәа, исалам шәҟәқәа, иҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Иара иазгәеиҭеит аҵарауаҩ иусумҭақәа ԥхьаҟатәи абиԥарақәагьы рзы аҵак ҷыда шрымоу.
"Абарҭқәа зегьы еиқәырханы ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирыҭатәуп. Аҳәынҭқарра хықәкыс иамоуп иусумҭақәа реиҭаҭыжьра, уажәазы иазырхиоу, аха макьана иҭыжьым аматериалқәа ркьыԥхьра, ари аҭынха ҳҿар ирбартә-ираҳартә аҟаҵара. Шьалуа Денис- иԥа иҭҵаарадырратә усумҭақәа ԥхьаҟагьы иаанхарц, ҳажәлар рымаҵ руларц, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рдац-рԥашә, ртрадициақәеи, рдоуҳатә беиарақәеи реилкаараҿ рыцхраара алҳаршароуп", — азгәеиҭеит Бадра Гәынба.