Александр Лозовои хаҭалатә ицәыргақәҵа "Восток — восток" аатуеит Санкт-Петербург
17:38 22.10.2026 (ирҿыцуп: 21:33 22.10.2026)

© Foto / Сайт Александра Лозового
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 22- Sputnik. Александр Лозовои хаҭалатә ицәыргақәҵа "Восток — восток" аатуеит Санкт-Петербург жьҭаара 24 рзы.
Агалереиа "Матисс Клуб "аҿы иӡырыргоит иапониатәи ацикл иахәҭаку иусумҭақәа, абстракциақәа, аграфикатә усурақәа амонотипиа атехникала асериа "Ветхий завет" аҟынтәи ҳәа аанацҳауеит агалереиа асаит.
Иазгәаҭоуп автор иԥылареи амонотипиазы аҟаза-икласси.
Ацәыргақәҵа мҩаԥыслоит абҵара 14 рҟынӡа, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Александр Лозова — асахьаҭыхҩы, аҟазараҭҵааҩы, аҿыханҵатә ҟазаразы ашәҟәқәа равтор, Варвара Бубнова лҵаҩы, диит Аҟәа 1949 шықәсазы.
Иусумҭақәа ҵәахуп амузеиқәа жәпакы рҿы, Петербург иҟоу Аурыс музеи аҿгьы, Москва иҟоу Пушкин имузеи аҿгьы, егьырҭ урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии амузеиқәеи ахатәы коллекциақәеи рҿгьы.