Аусутә форум "Росатомеи" жәларбжьаратәи ахәыҷтәы проектқәа рфестивали мҩаԥгахоит Аԥсны
20:17 22.10.2026 (ирҿыцуп: 21:32 22.10.2026)

© Sputnik / Александр Кряжев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аусутә форум "Росатомеи" жәларбжьаратәи ахәыҷтәы проектқәа рфестивали мҩаԥгахоит Аԥсны жьҭаара 27-29 рзы.
Аусутә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп Аԥсны аиҳабыра алархәны афонд "АТР АЕС" инарҭбаау аилатәара. Уаҟа ирылацәажәараны иҟоуп аусеицура амеханизмқәа, аҵакырақәа рыҿиаразы апроектқәа рынагӡара, агранттә еицлабрақәа рылахәхара.
Аусеицуразы амҩатә хсаалагақәа рнапы аҵарыҩуеит Сосновыи Бори Афон Ҿыци, Десногорски Тҟәарчали, афонд "АТР АЕС", "Акреативтә индустриақәа рыҿиара амаҵзура "АБАРТ-и".
Уи адагьы, аусутә программа иарбоуп ахәыҷқәа рзы аусмҩаԥгатәқәа. Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы проектқәа рфестиваль аихшанҵаҿы — Гал, Кацикыҭ, Гәдоуҭа, Гагра аниматор Сергеи Антонов ирҿиаратә еиԥыларақәа, апроект "Ақәҿиара аҵакыра: аԥсабара агәыдыҳәҳәала" алахәылацәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа, Пицундеи Аҟәеи амодақәа дырбара, афилармониаҿы аконцерт.
Афестиваль аусмҩаԥгатәқәа ирҭаар рылшоит изҭаху зегьы, заанаҵтәи аҽҭаҩра аҭахӡам.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны— афестиваль аинформациатә дгалара анаҭоит.