Гәымсҭатәи афронт акомандирцәеи аибашьцәеи ргәалашәара анаунагӡатәра иалацәажәеит Аԥсны
20:56 22.10.2026 (ирҿыцуп: 21:32 22.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Гәымсҭатәи афронт акомандирцәеи аибашьцәеи ргәалашәара анаунагӡатәразы аҳәынҭкомиссиа актәи аилатәара мҩаԥысит Атәылахьчара аминистрраҟны.
Акомиссиа аԥҵоуп Аԥсны ахада инапынҵала, уи напхгара аиҭоит Атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Акомисса аусура ахықәкы — Аԥсны Афырхацәа Витали Смыри Геннади Ҷанбеи ргәалашәара анаунагӡатәра, Ешыра ақыҭан Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз рбаҟа ашьақәыргылара.
Аилатәараҿы аиҿкааратә усқәеи, Ешыра идыргылараны иҟоу амемориал аконцепциеи, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵареи аҭоурыхтә ҭынхеи реиқәырхаразы аусмҩаԥгатәқәа рыплани ирылацәажәеит.