https://sputnik-abkhazia.info/20261023/1066530487.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма апроект дуқәеи урҭ асубсидиа рыҭареи лымкаала иазхьаԥшуеит ҳәа арадио Sputnik аҿы иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри... 23.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-23T13:01+0300
2026-10-23T13:01+0300
2026-10-23T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/17/1066530321_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ada167dc3d6e536fbf75d691b88bd5a5.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма апроект дуқәеи урҭ асубсидиа рыҭареи лымкаала иазхьаԥшуеит ҳәа арадио Sputnik аҿы иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь. "Ҳара ҳгәаанагарала, ҳқыҭанхамҩаарыхыҩцәа зегьы рзы иреиӷьу цхыраагӡоуп асубсидиа рыҭара, рхарџьқәа рыхәҭак ршәара", — ҳәа ациҵеит иара. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны апроектқәа рынагӡаразы аҭагылазаашьақәа назмыгӡаз апрограмма алахәылацәа рҭакԥхықәра аҩаӡара акомиссиа ишьақәнаргылалоит. Уи иалахәуп амчратә усбарҭақәеи Агәаҭаратә палатеи рхаҭарнакцәа.
Елизбар Қриа дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу аҩбатәи ахаҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит ҳәа аанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.Баҭал Гагәылиа дырбаандаҩын жьҭаара 22 рзы Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭан. Аусҭҵаара излаҳәо ала, ауаҩшьра ҟарҵеит гәыԥҩыкны. Уаанӡа азинхьчаҩцәа дааныркылахьан Денис Гагәылиа.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 443 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Смоленсктәи, Курсктәи, Калугатәи, Тулатәи, Ростовтәи, Волгоградтәи уҳәа аобластқәа 15 рҿы.Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Москватәи арегион, Краснодартәии Пермтәии атәылаҿацәқәа, Ҭаҭарсҭан, Удмуртиа, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа "Ахра ашәа" налыгӡеит Урыстәыла атеатртә усзуҩцәа Реидгыла 150 шықәса ахыҵра аиубилеи аҟны ҳәа иҳәеит РУСДРАМадиректор Иракли Хынҭәба.Аоператә шәаҳәаҩы ссир иналыгӡеит аԥсуа жәлар рашәа атеатр Ду асценаҿы."Хьыбла Гьерзмааԥҳа, ҳара, ҳкультура аҳаракыра дуӡӡахь ҩаԥхьа ҳашьҭылхит, урыстәылатәи акультура ахатәрақәа рҿаԥхьа – ари ахәылԥаз аҟны азал аҿы иҟамыз дарбаныз!"- иҳәеит Хынҭәба.Атеатр адиректор иациҵеит азал анапеинҟьара ӷәӷәақәа рыла ақәгылара шеиԥнарҟьоз.
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма апроект дуқәеи урҭ асубсидиа рыҭареи лымкаала иазхьаԥшуеит ҳәа арадио Sputnik аҿы иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь. "Ҳара ҳгәаанагарала, ҳқыҭанхамҩаарыхыҩцәа зегьы рзы иреиӷьу цхыраагӡоуп асубсидиа рыҭара, рхарџьқәа рыхәҭак ршәара", — ҳәа ациҵеит иара. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны апроектқәа рынагӡаразы аҭагылазаашьақәа назмыгӡаз апрограмма алахәылацәа рҭакԥхықәра аҩаӡара акомиссиа ишьақәнаргылалоит. Уи иалахәуп амчратә усбарҭақәеи Агәаҭаратә палатеи рхаҭарнакцәа.Елизбар Қриа дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу аҩбатәи ахаҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит ҳәа аанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.Баҭал Гагәылиа дырбаандаҩын жьҭаара 22 рзы Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭан. Аусҭҵаара излаҳәо ала, ауаҩшьра ҟарҵеит гәыԥҩыкны. Уаанӡа азинхьчаҩцәа дааныркылахьан Денис Гагәылиа.Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 443 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Смоленсктәи, Курсктәи, Калугатәи, Тулатәи, Ростовтәи, Волгоградтәи уҳәа аобластқәа 15 рҿы.Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Москватәи арегион, Краснодартәии Пермтәии атәылаҿацәқәа, Ҭаҭарсҭан, Удмуртиа, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.Хьыбла Гьерзмааԥҳа "Ахра ашәа" налыгӡеит Урыстәыла атеатртә усзуҩцәа Реидгыла 150 шықәса ахыҵра аиубилеи аҟны ҳәа иҳәеит РУСДРАМадиректор Иракли Хынҭәба.Аоператә шәаҳәаҩы ссир иналыгӡеит аԥсуа жәлар рашәа атеатр Ду асценаҿы."Хьыбла Гьерзмааԥҳа, ҳара, ҳкультура аҳаракыра дуӡӡахь ҩаԥхьа ҳашьҭылхит, урыстәылатәи акультура ахатәрақәа рҿаԥхьа – ари ахәылԥаз аҟны азал аҿы иҟамыз дарбаныз!"- иҳәеит Хынҭәба.Атеатр адиректор иациҵеит азал анапеинҟьара ӷәӷәақәа рыла ақәгылара шеиԥнарҟьоз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/17/1066530321_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c176945436449bcd679774ef4d2f8280.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио