Ацәыргақәҵа "Ҳақәиҭроуп сзызгылаз қәԥара" аатит Аҟәа
16:12 25.10.2026 (ирҿыцуп: 19:04 25.10.2026)

© Foto / авидео иақәҭыхуп
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 25— Sputnik. Ацәыргақәҵа "Ҳақәиҭроуп сзызгылаз қәԥара" аатит Аҟәа.
Мышктәи аекспозициа уаҵәы Очамчыраҟа ииаргоит.
Уи азкуп 1992 шықәса жьҭаара 26 рзы излагаз Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара 34 шықәса ахыҵра.
Уаҟа ицәыргоуп ажәылараан иҭахаз аԥсуа ар реибашьцәа рфотосахьақәа.
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Фредди Ҭаниеи Мурман Гәарамиеи.
Очамчыра ахақәиҭтәразы ажәылара ҩ-гәыԥк имҩаԥыргар акәын: актәи — мшынла адесант ӡхыҵыр акәын, аҩбатәи — ақалақь еиуеиԥшым аганқәа рыла иазнеир акәын.
Абџьари аџьаԥҳани зҭаз адесант ианаамҭаз апозициақәа рҟынӡа изымнаӡеит амшцәгьа иахҟьаны.
Акраамҭатәи аидысларақәа рышьҭахь аҩбатәи агәыԥ хьаҵыр акәхеит.