https://sputnik-abkhazia.info/20261026/1066571258.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара 2027 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект иақәшаҳаҭхеит. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәқәа иартәоит — 21,7 млрд мааҭ... 26.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-26T13:01+0300
2026-10-26T13:01+0300
2026-10-26T13:29+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1a/1066571092_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_041ed8e3d157c2ac338520be8acb1fb0.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара 2027 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект иақәшаҳаҭхеит. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәқәа иартәоит — 21,7 млрд мааҭ, ахарџьқәа — 22,3 млрд мааҭ. Адефицит — 622,3 млн мааҭ. Ареспубликатә биуџьет ахашәалахәқәа 16,4 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ари аԥара иалагалоуп Урыстәыла афинцхыраара 5,2 млрд, 2026-2028 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аԥарақәа 904 млн мааҭ, 2026-2028 шықәсазтәи аекономика аусхкқәа рыдгыларазы аҳәынҭпрограмма аԥаразоужьра — 225 млн мааҭ. Ареспубликатә биуџьет ахарџьқәа 17 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡоит, адефицит — 622 млн.
Аҵарауаа ҿарацәа III рфорум аатит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аботаникатә институт аҟны. «Аҵарауаа ҿарацәа рыда, аҭҵаарадыррада, атәылеи ауаажәларреи зыҟалом», — азгәеиҭеит ААР ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа.Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша аспециалист хада Адгәыр Цымцба иажәақәа рыла, афорум иалахәуп аҭҵаарадырраҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵахьоу аҵарауаа — аҭоурыхҭҵааҩцәа, абиологцәа, амедикцәа, афизикцәа, аекологцәа, азиндырыҩцәа.Аҿар рфорум хыркәшахоит жьҭаара 28 рзы аихшьаалатә резолиуциа адкылареи Аботаникатә баҳчаҿы аекскурсиеи рыла.
Аԥацха амца акит Аҟәа Гәыма иахьаҵанакуа. Амцакра ҟалеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит асааҭ 09:51 рзы.Амца дырцәеит. Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыҧқәа хәба, иара убасгьы аиқәырхаратә машьынак ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс", АҶА адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.Амцакра зыхҟьаз амзызқәа ҭырҵаауеит
Адронқәа рхархәарала атеракт амҩаԥгара аԥдырҟәҟәааит Москва.Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылеит Кавказнҭыҵынтәи иааз ҩыџьа, урҭ ргәы иҭан Москва аракетаҿагыларатә хьчареи афымцатә системақәеи рхыбра хадақәа рыжәлара.Урҭ Москватәи аобласт аҿы аус адырур акәын Украина аҵакыраҟынтәи напхгара зырҭоз ақәыӷәӷәаратә дронқәа. Агәызҩара ззыҟоу Смоленсктәии Калугатәии аобластқәа рҿы аҵәахырҭақәа рҟынтәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи арҭҟәацгақәа рзы амаҭәашьарқәеи ргара иахьӡеит, уи ашьҭахь амчратә усзуҩцәа иааныркылеит.
2026 шықәсазы кәтолчтәи ачаирҭақәа екскурсиа ҳасабла иаҭааит 1500-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа. 2025 шықәсазы ари аамҭахәҭазы 800-ҩык ракәын иҟаз иҳәеит анаплакы "Екочаи" аиҳабацәа руаӡәк Алиас Асланӡиа. Атуристцәа ачаитә плантациақәа рҟны аекскурсиақәа рзымҩаԥыргоит, ачаи агьамабара рзеиҿыркаауеит, анаҩс изҭаху анаплакы аалыҵқәа аархәар рылшоит ҳәа азгәеиҭеит иара.Очамчыра ахәҭак лашарада иаанхоит жьҭаара 27 рзы. Асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа астанциа маҷ "Очамчыра-2" аҟны аремонт мҩаԥгахоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аԥсны аминистрцәа реилазаара 2027 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект иақәшаҳаҭхеит. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәқәа иартәоит — 21,7 млрд мааҭ, ахарџьқәа — 22,3 млрд мааҭ. Адефицит — 622,3 млн мааҭ. Ареспубликатә биуџьет ахашәалахәқәа 16,4 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ари аԥара иалагалоуп Урыстәыла афинцхыраара 5,2 млрд, 2026-2028 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аԥарақәа 904 млн мааҭ, 2026-2028 шықәсазтәи аекономика аусхкқәа рыдгыларазы аҳәынҭпрограмма аԥаразоужьра — 225 млн мааҭ. Ареспубликатә биуџьет ахарџьқәа 17 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡоит, адефицит — 622 млн.Аҵарауаа ҿарацәа III рфорум аатит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аботаникатә институт аҟны. «Аҵарауаа ҿарацәа рыда, аҭҵаарадыррада, атәылеи ауаажәларреи зыҟалом», — азгәеиҭеит ААР ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа.Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша аспециалист хада Адгәыр Цымцба иажәақәа рыла, афорум иалахәуп аҭҵаарадырраҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵахьоу аҵарауаа — аҭоурыхҭҵааҩцәа, абиологцәа, амедикцәа, афизикцәа, аекологцәа, азиндырыҩцәа.Аҿар рфорум хыркәшахоит жьҭаара 28 рзы аихшьаалатә резолиуциа адкылареи Аботаникатә баҳчаҿы аекскурсиеи рыла. Аԥацха амца акит Аҟәа Гәыма иахьаҵанакуа. Амцакра ҟалеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит асааҭ 09:51 рзы.Амца дырцәеит. Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыҧқәа хәба, иара убасгьы аиқәырхаратә машьынак ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс", АҶА адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.Амцакра зыхҟьаз амзызқәа ҭырҵаауеит Адронқәа рхархәарала атеракт амҩаԥгара аԥдырҟәҟәааит Москва.Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылеит Кавказнҭыҵынтәи иааз ҩыџьа, урҭ ргәы иҭан Москва аракетаҿагыларатә хьчареи афымцатә системақәеи рхыбра хадақәа рыжәлара.Урҭ Москватәи аобласт аҿы аус адырур акәын Украина аҵакыраҟынтәи напхгара зырҭоз ақәыӷәӷәаратә дронқәа. Агәызҩара ззыҟоу Смоленсктәии Калугатәии аобластқәа рҿы аҵәахырҭақәа рҟынтәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи арҭҟәацгақәа рзы амаҭәашьарқәеи ргара иахьӡеит, уи ашьҭахь амчратә усзуҩцәа иааныркылеит. 2026 шықәсазы кәтолчтәи ачаирҭақәа екскурсиа ҳасабла иаҭааит 1500-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа. 2025 шықәсазы ари аамҭахәҭазы 800-ҩык ракәын иҟаз иҳәеит анаплакы "Екочаи" аиҳабацәа руаӡәк Алиас Асланӡиа. Атуристцәа ачаитә плантациақәа рҟны аекскурсиақәа рзымҩаԥыргоит, ачаи агьамабара рзеиҿыркаауеит, анаҩс изҭаху анаплакы аалыҵқәа аархәар рылшоит ҳәа азгәеиҭеит иара.Очамчыра ахәҭак лашарада иаанхоит жьҭаара 27 рзы. Асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа астанциа маҷ "Очамчыра-2" аҟны аремонт мҩаԥгахоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1a/1066571092_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_5ceae91368091b530fb762462fd9454b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио