Ззин ыҟам аелектронтә сигаретқәа рымырхит Афон ҿыц
18:54 30.10.2026 (ирҿыцуп: 20:07 30.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
2024 шықәса жәабран 7 инаркны ареспубликаҿы аус ауеит аелектронтә сигаретқәа ралагалара, рӡыргара, реикәыршара зынӡа азин ҟазымҵо азакәан.
АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Ззин ыҟам аелектронтә сигаретқәа рымырхит Афон ҿыц.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Екатерина Допуа илтәу Лакоба имҩаҿы иҟоу адәқьан аҿы 13 сигарети, ҩ-картриџьки, 14 ӡшьари рыԥшааит.
Аалыҵ азеиԥш хәыԥса 42 нызқь мааҭ иреиҳауп.
Иара убас, Аҟәа акцизтә маркақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ рымырхит.
Асҭамыр Цицкалаӡе инапылеидараҿы ирыԥшааит 16 ҭоԥ, иааидкыланы 107 нызқь мааҭ инареиҳаны иаԥсоу.
Ахра Лакрба иитәыз даҽа шәырак иҭан 56 нызқь мааҭ инареиҳаны иаԥсаз 176 ҭоԥ.
Аусқәа рматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазалхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы инашьҭуп.