Алицеи-интернатқәа рҵаҩцәа рзы азанааҭхырхарҭатә проект аусура иаладыргоит Аԥсны
15:50 01.11.2026 (ирҿыцуп: 17:58 01.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Апроект урыстәылатәи аилазаара "Адырреи" Аԥсны аҵара аминистрреи еицымҩаԥыргоит.
АҞӘА, абҵара 1 — Sputnik. Алицеи-интернатқәа аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы азанааҭхырхарҭатә проект "Адырра.Акариера" аусура иаладыргоит Аԥсны.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" ахаҭарнакра адиректор Мадин Сақаниа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, актәи аҵатәхәы мҩаԥгахоит Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны абҵара 2 рзы.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" ахаҭарнакра адиректор Мадин Сақаниа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, актәи аҵатәхәы мҩаԥгахоит Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны абҵара 2 рзы.
"Апрограмма азырхоуп аҵара зҵо ааглыхреи, аенергетикеи, ақыҭанхамҩеи, ацифратә технологиеи, амедицинеи, аекономика егьырҭ аусхкқәеи рҿы аихьӡарақәеи ҳаамҭазтәи азанааҭқәеи дырдырра", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Адҵа хада — ашколхәыҷқәа апрофессионалтә хҳәаақәҵареи ԥхьаҟатәи амҩа еилкааны алхреи разыхиара ашьақәыргылара рыцхраара ауп, ҳәа ациҵеит Сақаниа.
Апроект иара убас Аҟәатәи, Гагратәи, Калдахәаратәи алицеи-интернатқәа рҿы инагӡахоит.
Сақаниа иажәақәа рыла, ашколхәыҷқәа аус рыцырулоит арҭ аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа.
Апроект иара убас Аҟәатәи, Гагратәи, Калдахәаратәи алицеи-интернатқәа рҿы инагӡахоит.
Сақаниа иажәақәа рыла, ашколхәыҷқәа аус рыцырулоит арҭ аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа.

