Аԥсны иагәылсуа амҩаду хада аӡынтәи аамҭа азырхиара иалагеит
17:00 01.11.2026 (ирҿыцуп: 18:03 01.11.2026)

© Sputnik / Евгений Епанчинцев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 1 — Sputnik. Аԥсны иагәылсуа амҩаду хада аӡынтәи аамҭа азырхиара иалагеит.
"Абхазавтодор" адиректор хада Лев Кәыҵниа Гагратәии Гәдоуҭатәии араионқәа рҿы амҩа апроблематә ҭыԥқәа рҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит.
Иазԥхьагәаҭоуп Мысра ақыҭан иҟоу Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ ааигәара амҩаду иаԥну аҵлақәа рыхҵәара, иара убас аҵыргәатә ҭӡамцқәа реиҭашьақәыргылара, гагратәи ахыкәшаратә мҩаҿы аӡыршьҭрақәа ррыцқьара.
Агәҭынчымра узцәырнагоит Колхида иахьаҵанакуа ажәбатәи акилометр аҟны иҟоу амҩаду ахәҭа. Уаҟа аӡын ахаҳәлеирақәеи амзара амахәқәа хыжәжәаны амҩа раныҳалареи ахҭысқәа ҟалалоит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аспециалистцәа аҭыԥ ахаҳәцәыхьчаратә каҭа акәыршара иахәаԥшуеит, аха апроект анагӡара ақәыршаҳаҭра аҭахуп.